Диана Аҟәантәи: Амшын аԥшаҳәаҟны аусурақәа шцоз збеит. Атруба ду шьҭарҵон. Избан? Ақалақь аҿы арыцқьагатә комплекс аус аур ахәҭаӡами?
Владимир Бегунов, Sputnik Аԥсны: Аӡыканал анџьныр хада Мираб Анқәаб иажәақәа рыла атруба азырхоуп аҭагылазаашьа ҷыда аҭыԥ ақәҵара.
"Иара еснагь иҟан. Изызку аҭагылазаашьа ҷыдақәа, амашәырқәа раан мацара ахархәароуп. Егьырҭ аамҭақәа рзы аштаттә режим инақәыршәаны аӡы ҭоуп", иҳәеит Мираб Анқәаб.
Анқәаб иажәақәа рыла атруба хеит, ижьакцеит. Иӡбоуп аԥсахра.
Арыцқьагатә комплекс ҿыц аусура иаларган 2016 шықәса рзы. Иара иахҭынҵан 600 миллион мааҭ аԥара. Иара азхоит 30 000 кубометра цырӡәӡәаха аус адулара. Иара ргылоуп Ешыра ақыҭан. Уаанӡатәи арыцқьагатә системақәа аԥсуа-қырҭуа еибашьараан ааха ду рыҭан, 20 шықәса инарзынаԥшу аус руамызт.
Арҭ аамҭақәа рзы амшын иалалон ақалақь ацрыҵқәа зегьы. Аканализациатә труба акәзар ҩ-километрак ихараны 100 метрак илаҟәны амшын иалагалан.
Оk, Sputnik!
2016 шықәса жәабранмзазы Sputnik Аԥсны арубрика ҿыц Оk, Sputnik! Аусура иаланаргеит. Апортал аԥхьаҩцәа ироуит алшара азҵаарақәа рыҭира, урҭ рҭакқәа роура.
Азҵаарақәа рынашьҭра алшоит FB, VK, Instagram, Direct рахь. Анҵамҭаҟны иарбазароуп азҵаара назышьҭыз ихьӡ, иқәра, дахьынхо иҭыӡҭыԥ.