Амилаҭтә банк аҟны ирыдыркылеит абшьҭратә ескизқәа ԥшьба

© Sputnik / Томас ТхайцукНацбанк
Нацбанк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Амилаҭтә банк адәныҟатә коммуникациақәа рзы аспециалист Лиана Агрԥҳа Sputnik иазеиҭалҳәеит ажәлатә шьҭрақәа рдамыӷақәа зну амонетақәа рзы аескизқәа рконкурс ацашьа.

АҞӘА, абҵара 30  – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ажәлатә дамыӷақәа (тамга) зныԥшуа амонетақәа рескизқәа ԥшьба аднакылеит Аԥсны Амилаҭтә банк ҳәа ҳкорреспондент иалҳәеит Аԥсны Амилаҭтә банк адәныҟатә коммуникациақәа рзы аспециалист Лиана Агрԥҳа.

"Аконкурс актәи аетап аан ҳара иҳадыргало зегьы ҳадаҳкылоит  растровыии  векторныии аформатқәа рыла. Аҩбатәи аетап аан авектортә формат ахь ииагатәуп", — лҳәоит лара.

Лиана Агрԥҳа лажәақәа рыла ирацәаҩуп иҵаауа атәымҳәынҭқарра атәылауаа аконкурс иалахәхар ҟалоу иҟамлоу ҳәа. Абри аганахьала ԥкырак ыҟан иҟам ҳәа азгәалҭеит лара.

"Аконкурстә усумҭақәа зегьы шҳадаҳкылалак Амилаҭтә банк асаит аҟны абжьыҭира ҟалоит. Убри ашьҭахь Абанк анапхгара апроектқәа  ирықәшаҳаҭхоит, иалыркаауа алыркаауеит", — лҳәеит Агрԥҳа.

Аескизтә усумҭақәа рыдыркылалоит 2017 шықәса жәабран 1 аҟынӡа. Амонетақәа  ркьыԥхьра мҩаԥнагоит «Гознак». Аконкурс аԥҟаррақәа рыла аескиз аҟны хымԥада иарбазароуп адамыӷа (атамга), изтәу ажәла ахьӡ аԥсышәала.
2017 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭоуп хыԥхьаӡарала еиҳа Аԥсны ирацәоу ажәлақәа Аҩӡба, Агрба, Адлеиба, Аргәын, Аршба, Барцыц, Аџьынџьал, Џьопуа, Кәыҵниа, Ҭарба  рдамыӷа зныԥшуа жәа-монетак рҭыжьра.

Ажәабжьқәа зегьы
0