Аԥсны Ахылаԥшратә палата аҳасабырба ҟаҵоуп

© Fotolia / RomanАԥсны Ахылаԥшратә палата аҳасабырба ҟаҵоуп
Аԥсны Ахылаԥшратә палата аҳасабырба ҟаҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2015 шықәса рзы Аԥсны Ахылаԥшратә палата есышықәсатәи аҳасабырба Жәлар Реизарахь инеигеит Ахылаԥшратә палата ахантәаҩы Роберт Аршба.

АҞӘА, абҵара 30– Sputnik, Бадри Есиава. 2015 шықәса рзы Аԥсны Ахылаԥшратә палата есышықәсатәи аҳасабырба Жәлар Реизарахь инеигеит  Ахылаԥшратә палата ахантәаҩы Роберт Аршба. Аҳасабырба аихшьаалақәа рыла  аусураан иаарԥшуп миллиард мааҭ рҟынӡа аилагарақәа иҳәеит Роберт Аршба.

"2015 шықәсазтәи аусурақәа реихшьаалақәа инарықәыршәаны аилагарақәа аарԥшуп миллиардки 8 миллионки мааҭ рҟынӡа, абиуџьеттә закәанԥҵара еилагоуп 22 миллион мааҭ рҟынӡа иақәшәо", — иҳәеит Аршба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит  ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы азакәанԥҵара еилагоуп 84 миллиони 876 нызқьи мааҭ рыла, аҳасабеилыргара аусхк аҟны аилагарақәа ыҟоуп 119 миллион мааҭ рыла, аҳәынҭқарратә хатәтәра ахархәараан – 191 миллион мааҭ рыла, ибиуџьеттәуи ибиуџьеттәыми  малқәа рхархәараан – 141 миллион 674 нызқь мааҭ рыла ҳәа.

Роберт  Аршба иҟаиҵаз аҳасабырба инақәыршәаны  2015 шықәса рзы Ахылаԥшратә палата имҩаԥнагеит 38 експерт-гәаҭаратә уснагӡатә, Апалата аилатәараҟны ирыхәаԥшын 76 зҵаара, Апарламент ахь аилыргаразы инашьҭын 43 материал.

"Азакәан инақәыршәаны ҳара имҩаԥааго ауснагӡатәқәа зегьы аҳасабырба ҟазшьа рыҭаны Апарламент ахь инаҳашьҭуеит. Убас арахь иаашьҭын 33 шәҟәы, Аминистрцәа Реилазаарахь инашьҭын аинформациа зныԥшуа ашәҟәқәа хԥа", — иҳәеит Аршба.

Аршба иара убасгьы иҳәеит 2015 шықәса рзы  Апалата аколлегиа аӡбрала ишымҩаԥгаз ипланыркымыз ахылаԥшра-гәаҭаратә уснагӡатәқәа ԥшьба. Уи ишаҵаркыз 64 обиект.

Ажәабжьқәа зегьы
0