Польшатәи апиеса "Шьапыла" Аԥсуа драматә театр асценаҿы иқәдыргылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПольшатәи апиеса "Шьапыла" Аԥсуа драматә театр асценаҿы иқәдыргылеит
Польшатәи апиеса Шьапыла Аԥсуа драматә театр асценаҿы иқәдыргылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Польшатәи ашәҟәыҩҩы Славомир Мрожек ипиеса иалху аспектакль "Шьапыла" апримиера мҩаԥысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асценаҟны аҩаша, абҵара 29.

АҞӘА, абҵара 30 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аспектакль "Шьапыла" аԥсуа ахәаԥшыҩцәа раԥхьаӡа акәны Аԥсуа драматә театр асценаҿы идырбан, ҳәа иҳеит атеатр асахьаркыратә напхгаҩы, аспектакль "Шьапыла" ақәыргылаҩ Валери Ақаҩба.

Зрительный зал драмтеатра. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
"Шьапыла" Аԥсуа драматә театр аҿы раԥхьаӡакәны иқәдыргылоит

"Ҳаԥсҭазаара шцо еиԥш ари апиесагьы иҭышәынтәалоит, еизҳауеит, аҽаԥсахоит. Ҳаспектакль аԥсҭазаара иадҳәаланы аныҟәара иалагоит ҳәа иаҿуп, ҳрепертуар акыр шықәса иалазаауеит, ҳәа сгәыӷуеит. Ҩышықәса раԥхьа ақәыргыларазы аусурақәа ҳрылагахьан, аха иааныскылеит. Нас еиҭа ҳалагеит, аха ԥсшьара ҳцеит. Уи ашьҭахь еиҭа, ҿыцла ҳалагар акәхеит", – иҳәеит Ақаҩба.

Иара иажәақәа рыла, апиеса ақәыргыларазы аусурақәа ҩымыз инареиҳамкәа имҩаԥысуан. Уи аамҭа иҭагӡаны аԥсуа театр атруппа 35 репетициа мҩаԥыргеит.

Аспектакль ақәыргылаҩ излеиҳәа ала аԥсуа артистцәа аханатә апиеса азнеишьа иақәшәеит аха имаҷымкәа аус адырулеит арольқәа раарԥшразы.

"Апиеса ахаҭа аилкаара шымариазгьы, зегь акоуп, асценаҟны аарԥшра аԥсуа артистцәа ирцәыуадаҩын. Иахьынӡалшоз апиеса аартра, ауаҩы еиликаарц ҳҽазаҳшәеит. Ахы инаркны аҵыхәанӡа армариара ҳаҿын", – иациҵеит Ақаҩба.

Апиеса ақәыргылара аамҭа кьаҿк шазыԥҵәазгьы аԥсу артитцәа рзы ари апремиера аусура ду иалҵшәахеит, ҳәа Аԥсны жәлар рартист Кьесоу Ҳагба иазгәеиҭеит.

"Абсурд ҳәа изышьҭоу атеатр ауп ари апиеса ахьаҵанакуа. Сара уи – абсурд сазыԥшын аматериал анеилсыргоз, аха исзымыԥшааит. Апиеса ламыс змам аԥхамшьақәа ирзеилкааӡом, еилызкаауо, изызку аромантикцәа роуп. Апиеса иуморлеи лаӷырӡылеи иҭәуп – уи иара ашәҟәыҩҩы Морожек идраматургиа злаудыруа акуп", – иҳәеит Ҳагба.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Ҭеимураз Чамагәуа иазгәеиҭеит, польшатәи апиеса иахьатәи еилабгауа адунеи шаанырԥшуа.

"Асценаҟны имҩаԥысуа зегьы ҳара ҳаибашьра аамҭазтәи, аибашьра ашьҭахьтәии аамҭақәа рнубаалоит, иара иахьатәи ҳаԥсҭазаарагьы – адунеи абгара, аныԥшуеит, ҳәа ишьақәҳарӷәӷәар ҳалшоит", – иҳәеит Чамагәуа.

Польшатәи ашәҟәыҩҩы Славомир Мрожек ипиесаҟны аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра анҵәамҭеи аполитикатә система ихацнаркыз аибашьреи, ирыбжьанакыз аамҭеи раарԥшра иҽазишәеит.

Аспектакль иалахәуп 20-ҩык рҟынӡа артистцәа, урҭ рахьтә:  Ҭеимураз Чамагәуа, Кьесоу Ҳагба, Адгәр Малиа уҳәа Аԥсны еицырдыруа актиорцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0