Аҟәатәи аихамҩатә вокзал: иаци иахьеи

© Фото : из архива Анзора АгумааАҟәатәи аихамҩатә вокзал
Аҟәатәи аихамҩатә вокзал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аихамҩатә вокзал аусра хацнаркит 65 шықәса раԥхьа, 1951 шықәса ԥхынҷкәын 1 азы.

Авокзал иацтәи иахьатәи аҭагылазаашьақәа дрылацәажәоит ҳкорреспондент Владимир Бегунов.

Аԥснытәи аихамҩақәа русбарҭаҟны ирҳәеит ари арыцхә азгәаҭара ргәы ишҭам.

"Аамҭак азы  аиубилеи азгәаҳҭап ҳәа ҳҳәеит, аха… ахыбра аиҭашьақәыргылара аанкылоуп. Ҳаԥхьаҟа иацҵахап ҳәагьы ҳаҟам, избанзар Атранспорт азы аҳәынҭқарратә наплакы  анардадаҩцәа аус рыцура мап ацәнакит", — иҳәеит Аԥснытәи аихамҩақәа русбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Игор Марганиа.

Ииасыз ашәышықәсаан ари ахыбра Аҟәа реиҳа иԥшӡоу ҳәа ишьан. Усҟантәи аамҭақәа ирықәыршәаны иара аамҭакала иаднакыларц алшон 500 инаркны 1 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра.

Авокзал апроект ҟарҵеит  архитекторцәа Левани Лолеи Мушкудианиаа. Адәахьы мармалташьла ихыркны иҟарҵеит. Аԥенџьырқәа ахьа иалхын. Аресторан адашьма акәзар паркетла ихҟьан. 1951 шықәсазы абарҭ арԥшӡага хәҭақәа рыхәԥса аргылара зегь аҟынтәи 24% артәон. Архитекторцәа  ирарҳәон  акомпозициаҟны абашниа мыцхәуп, хаз-хазны игыло ахыбрақәагьы апассаџьырцәа рымаҵ аура дыруадаҩуеит ҳәа. 

Иахьа, Аҟәатәи авокзал иазгәанаҭоит амшира, 2016 шықәса рзы иаакәыршаны иҟарҵаз аихатәы гәараанда аҩныҵҟа. Аҳәынҭқарратә комиссиа авокзал ахыб аԥсахразы 30 миллион мааҭ аҭахуп ҳәа ишьақәдыртәеит, шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара – миллиард мааҭк артәоит ҳәа.

Аҟәатәи аихамҩатә вокзал ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан ааха ӷәӷәа аиуит.  Ахыбра складк аҳасабала рхы иадырхәон. Адәыӷбақәа аныҟәара иаладыргеит 2004 шықәса рзы. Аӡын Аҟәатәи авокзал Москватәи адәыӷбақәа аднакылоит ԥшьымш рахь знык, аԥхын — Москва, Санкт-Петербург, Белгород,  Воронеж рҟынтәи есҽны.

2016 ажьырныҳәамзазы авокзал иаднакылеит 9 000-ҩык апассаџьырцәа. Аԥхын апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара  40 000-ҩык (ԥхынгәы), 100 000-ҩык (нанҳәа) рҟынӡа инаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0