Вороноваа аԥснытәи рџьынџь

© Sputnik / Томас ТхайцукВороноваа аԥснытәи рџьынџь
Вороноваа аԥснытәи рџьынџь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Вороноваа Аԥсны рынхарҭа аиҭашьақәыргылара иазыԥшуп. Иара абольшевикцәа иртәарҭа-ргыларҭаны ишьан. Абраҟа аполициаа рҽырцәырҵәахуан, Герцен иҳамҭа ҵәахны ирыман.

Абарҭ зегь еиликааит Sputnik акорреспондент Владимир Бегунов.

"Ясочка"  — ҳәа хьӡны иаман Вороноваа рџьынџь-ҩны. Уахь амҩа ҳанықәәыз ҳамҩа Кәыдры аиҩхаа иҭалакьуан. Ана-ара ҳнаҵаа-ааҵауаа ҳнеиуан. амҩа акыр еималахьан. аҭыԥаҿ ҳаннеи ҳалаԥш иаахгылеит аамҭа зышьҭа анызҵаз аҭыԥ.

Оумашәа иубаша аԥенџьырқәа шҿыҟьҟьахьоугьы, ахыб ақәа шкылсуагьы, изныкымкәа-иҩынтәымкәа ишдырҳәқәахьоугьы ахыбра ахаҭа ӷәӷәаҟацаӡа игылоуп.

Агәрахаҵара уадаҩуп ари аҭыԥ ҩеижәижәаба шықәса раԥхьа музеик аҳасабала ауаа аҭаауан ҳәа. Ашҭаҟны ахаҳә ду зыхчнызоу нышәынҭрак ыҟоуп. Уи зтәу аҳәара уадаҩуп. 

© Sputnik / Томас ТхайцукСтаринный камин в одной из комнат усадьбы "Ясочка"
Вороноваа аԥснытәи рџьынџь - Sputnik Аҧсны
Старинный камин в одной из комнат усадьбы "Ясочка"

"Ясочка" изныкымкәа иеимырҵәахьан. Уи аҵыхәтәантәи аԥшәма, Иури Воронов, абарҭ арыцхәқәа иҳәоит: 1877, 1918, 1931, 1949, 1989, 1992 шықәсқәа.

"Ясочка" XIX ашәышықәса анҵәамҭазы Николаи Воронов иргылеит. Вороноваа шьҭрала  афранцуз крал Генриху IV иҵанакуеит ҳәа ажәабыжьқәа ыҟан. Николаи Илиа-иԥа Воронов ареволиуциатә еиҿкаара "Земля и воля" дахьалахәыз азы аԥхьа акаторӷа иқәырҵеит, нас уи иԥсахьынӡаҭо Кавказ анхара иқәырҵеит. Воронов Чернышевскии Достоевскии идыруан, "Колокол" аҟны иҩымҭақәа икьыԥхьуан. Герцен ҳамҭаны ииҭахьан атрост-шпага.
Воронов Кавказ данааи инапы еиқәыԥсаны дымтәеит. Абарон Услар аԥсуа алфавит ахьеиқәиршәоз дицхраауан, ирацәаны аетнографиа иазкны аусумҭақәа иҩит. Иусумҭа "Сборник статистических сведений о Кавказе"

Урыстәылатәи агеографиатә еилазаара Араӡны медал ананашьеит. 1874 шықәса рзы илшамҭақәа рзы Ҵабал ақыҭан  450 гектар адгьыл ирҭоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукСтаринный камин в одной из комнат усадьбы "Ясочка"
Вороноваа аԥснытәи рџьынџь - Sputnik Аҧсны
Старинный камин в одной из комнат усадьбы "Ясочка"

Николаи Воронов инхарҭа "Ясочка", ус акәын дышлышьҭаз иԥшәмаԥҳәыс– пани Александра Прогульбицкаиа.

XX ашәышықәса алагамҭазы "Ясочка" кавказтәи ареволюциатә центрқәа ируакхеит, "абольшевикцәа рыԥсшьарҭа ҩны" ҳәа иашьҭан. Усҟантәи аамҭазы иара иаԥшәыман иҟаз Николаи Воронов иԥа иури иакәын.

Иури  Воронов дагрономын, аԥсабаратә баҟақәа рыхьчараз акомиссиа далан, асовет аамҭазы  Америкаҟа ицаз асоветтә ҵарауаа рботаникатә експедициа далахәын, 230 рҟынӡа аҵиаақәа рзы усумҭа иман. Иури Воронов Николаи Вавилов аус ициуан Ленинградтәи аботаникатә баҳчаҟны.

Иури  Воронов имоҭа, ихьӡыла Иуригьы диит "Ясочка".

© Sputnik / Томас ТхайцукУсадьба "Ясочка" - крепкий дом стоит вопреки всем грабежам и разрушениям
Вороноваа аԥснытәи рџьынџь - Sputnik Аҧсны
Усадьба "Ясочка" - крепкий дом стоит вопреки всем грабежам и разрушениям

Иури Николаи-иԥа  Воронов археологиа алихит занааҭс. Иара имшалоуп адунеи ишахыҵәаз аԥсилаа рыхьӡ-рыԥша. Араҟа дынхон Иури иашьа, асахьаҭыхыҩ Всеволод Воронов, Варвара Бубнова лҵаҩы.

Октиабртәи ареволиуциа хынҩажәижәаба шықәса анахыҵ ашьҭахь музеины иҟалаз аҩны ҩышықәса рышьҭахь амца ацраҵан, 1990 шықәса рзыҭашьақәыргылан. Аԥсуа-ақырҭуа  еибашьраан – еимҵәан. 

"Ясочка" зны иҳәырԥсарран, аха аибашьра ашьҭахь аиҭашьақәыргылара ҳзалмыршеит" — иҳәеит аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Адепартамент аиҳабы" Баҭал Кобахьиа.

Иахьазы аԥсҭазаараҟны изықәшәақәаз амыҟәмабарақәа ириааирц агәҭакны ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазыԥшуп аҭоурых ду змоу аҩнра ду.

Ажәабжьқәа зегьы
0