Аршба: аминистррақәа рыбжьара аконсультациақәа ԥхьаҟагьы имҩаԥгахалоит

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи Адәныҟатәи аусқәа рминистррақәа рыбжьара аконсультациақәа мҩаԥган Москва, абҵара 30 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 — Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи Адәныҟатәи аусқәа рминистррақәа  рыбжьара аконсультациақәа мҩаԥган Москва, абҵара 30 рзы. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба иҳәеит асеиԥш иҟоу  аконсультациақәа ԥхьаҟагьы имҩаԥгахалоит ҳәа.

"Иналкааны ирылацәажәан аконсултә зҵаарақәа, арегионалтә ҩаӡарала Аԥсни Урыстәылеи русеицура арҿиара азҵаарақәа, иара убасгьы иазхьаԥшын атәылақәа рыдәныҟаполитикатә усура", — изгәеиҭеит  Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба.

Урыстәылатәи Аган аделегациа хадас даман  Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ ИАР атәылақәа аԥшьбатәи рдепартамент адиректор  Алексеи Павловски.
Олег Аршба иажәақәа рыла асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа ацхраауеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыбжьара Амеморандум хра аманы аларҵәара. Амеморандум анапы аҵаҩын 2015 шықәса хәажәкырамза 11 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0