Москва инхо ҳџьынџьуаа рыбжьара раԥхьатәи "Иарбан? Иаба? Ианба?"

© Фото : http://abkhazmoscow.ru/Аԥсны аиндаҭлара "Иарбан? Иаба? Ианба?"
Аԥсны аиндаҭлара Иарбан? Иаба? Ианба? - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиндаҭлара "Иарбан? Иаба? Ианба?" аҿиареи аинтеллектуалтә хәмарра аҟәатәи акоманда алахәреи ртәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит аинтеллектуалтә-ҟазаратә клуб "Диуна" апрезидент Асиа Саносиан.

Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа.

Москва инхо ҳџьынџьуаа рыбжьара раԥхьатәи «Иарбан? Иаба? Ианба?»  ахәмарра шьапымшла ихацыркхеит. Москва имҩаԥысуаз абри ахәмаррахь инеиит  акомандақәа 10. Урҭ рахьтә ииааиит  Аԥснытәи акоманда ("День сурка"). Абри атәы Sputnik акорреспондент илзаалыцҳаит аинтеллектуалтә-ҟазаратә клуб "Диуна" апрезидент Асиа Саносиан.

"Ҩымызҟа раԥхьа аҭел дысзасит Инал Қорсаиа, исеиҳәеит москватәи аԥсуа диаспора ишаԥшьыргаз  аинтеллектуалтә клуб аԥҵареи раԥхьатәи ахәмарра амҩаԥгареи. Адиаспора асаит аҟны ԥхынҷкәын 1 азы ахәмарра мҩаԥысраны иҟоуп ҳәа аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилахәырахь ҳнеиит ацхыраара ҳарҭарц» ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Аинтеллектуалтә хәмарра мҩаԥысуан аресторан "Черноморская Ривьера" аҟны, Саносиан лажәақәа рыла аиҿкаара бзиагьы аман иҟан: асмокингқәеи аныҳәатә ҵкқәеи рышәҵаны ауп арахь иааиуаз шааиуаз.
Ахәмарра амҩаԥгаҩыс дааԥхьан арежиссиор, асценарист, ТЕФИ апремиа алауреат   Дмитри Минченок.

Аинтеллектуалтә хәмарра еизнагеит апрофессионалцәа реиԥш раԥхьаӡа акәны абри ахәмаррахь инеиз акомандақәагьы. Ус шакәызгьы урҭ рыбжьара аивыгарақәа рацәаӡаны иҟан ҳәа узҳәом ҳәа азгәалҭеит Саносиан.

"Азҵаарақәагьы рацәаӡак уадаҩра рыҵамызт. Акомандақәа азыҟаҵара бзиа рыман.  Акоманда  "Альтаири" ҳареи 18- 18 очко анеиҟәаҳша азҵаара ықәгылеит «аиҭахарала ҳаилгоу мамзаргьы аиааиратә очко аҟынӡа ҳахәмаруоу?» ҳәа.  Ҳара иҳаӡбеит аиҭахара мап ацәаҳкырц. Аиааирагьы ҳгеит", — лҳәоит Саносиан.

Саносиан ишеиҭалҳәо ала  азҵаарақәа реиҳарак Аԥсны акәын изызкыз.

"Ҳара ҳахәмарра ахы ыҵнахит 10 шықәса раԥхьа. Усҟан, Аҟәатәи ақәыԥшцәа Рыҩны адиректор Елена Кобахьиаԥҳа иҳадылгалеит абри ахәмарра.  Аҟәаҟа дааит  Павел Солахиан аԥсшьараамҭақәа раан. Иара ҳазыҟаиҵон. Аԥхын имҩаԥаагеит раԥхьатәи ахәмарра. Нас иҳауит алшара  атурнирқәа рахь ацаразгьы. Иахьа уажәгьы Павел Солахиан иоуп азҵаарақәа ҳзызыҩуа. Иара иоуп москватәи ахәмарраангьы азҵаарақәа аззырхиаз", — лҳәеит лара.

Аинтеллектуалтә хәмаррақәа иааиԥмырҟьаӡакәа зхы рылазырхәуа акомандақәа ԥшьба ҳамоуп. Ҩымчыбжь рахь знык асинхронқәа ҳрылахәуп. Ҳалахәын урыстәылазегьтәи асинхронтә чемпионатгьы. Арҭ ахәмаррақәа рахь асоциалтә ҳақәа рҟны адыррақәа рыла ахәмарцәа зегьы ааҳаԥхьоит, ҳәа еиҭалҳәоит аклуб апрезидент.

Саносиан ишылҳәо ала  аклуб шықәсык ахь знык еиҿнакаауеит  Аԥсны ареспубликатә хәмаррақәа. "Иарбан? Иаба? Ианба?" еснагь акоманда рацәа аднаԥхьалоит.

"Москватәи ахәмарраан иаадыруаз рацәаҩын. Урҭ Аԥснытәи ҳчемпионатқәа ирылахәын. Уи угәы иахәаратәы иҟоуп. Ҳара ахәмаррақәа анхацҳаркуаз ҳгәы иаанагон ҳаахәмарып, нас иаҳхашҭазар акәхап ҳәа. Аха анцәа иџьшьаны усеиԥш иҟамлеит", — лҳәоит Асиа Саносиан.

Ииааиз акоманда акапитанс дыҟоуп Ҭимур Ӷәынџьиа. Иара иалахәлацәоуп Наста Агрԥҳа, Михаил Қриа, Гудиса Мамацев, Ельвира Торосиан.

Ажәабжьқәа зегьы
0