Урыстәылатәи аруаа арратә ипотекала ауадақәа аархәеит

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылатәи аруаа арратә ипотекала ауадақәа аархәеит
Урыстәылатәи аруаа арратә ипотекала ауадақәа аархәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруаа 50-ҩык аррамаҵзурауаа уадала реиқәыршәаразы аипотекатә система апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны 2016 шықәса аҩныҵҟа ахатәы уадақәа аархәеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 — Sputnik. Урыстәыла  Аладатәи арратә округ аруаа 50-ҩык аррамаҵзурауаа уадала реиқәыршәаразы аипотекатә система апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны 2016 шықәса аҩныҵҟа  ахатәы уадақәа аархәеит. 2015 шықәса иаҿырԥшны иугозар, ҿыц анхарҭа зауз рхыԥхьаӡара 1,5 рыла еиҳахеит.

Дара ирылшон рхатәгәаԥхарала Урыстәылатәи Афедерациа иахьаҵанакуа анхаразы аҭыԥ алырхыр. Сынтәатәи ашықәс азы еиҳа иргәаԥханы анхаратә ҭыԥқәа алырхуан  Краснодартәи атәылаҿацә, Ростовтәи аобласт рҟны. Иара убасгьы абри арратә округ аҟны аррамаҵзура иахысуа рҟынтәи 30-ҩык рҟынӡа  азин рымоуп хықәкылатәи анхарҭатә ԥсах роурц.

Аԥсах азы аршаҳаҭга ахархәара алшоит фымз рыҩныҵҟа.

Хықәкылатәи аԥсах аиураз аршаҳаҭга анрырҭа ашьҭахь аррамаҵзурауаа апрограмма "Военная ипотека" ала аус зуа акредиттә еиҿкаарақәа алырхит. Абанк аҟны рыршаҳаҭга дырбаны апрограмма алахәылацәа  абанки дареи аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵоит, иалырхуа ауадақәа ма аҩнқәа рхатәтәразы ашәҟәқәа еиқәыршәаны.

Хра аманы иҟоуп апрограмма аҽалархәра иахьаԥырхагам аррамаҵзурауаҩ мамзаргьы иара иҭаацәара алахәыла  ихатәы нхарҭа ахьимоу. Апрограмма иаҷыда ҟазшьаны иҟоуп аипотекатә кредит  зегьы Урыстәылатәи Афедерациа  Атәылахьчара аминистрра иахьашәо.

Ажәабжьқәа зегьы
0