Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа.
Апроект "Ашәа еицаҳҳәап" аҟынтәи иаҳзыԥшуи актәи аконцерт ирнаҭаз аныррақәеи ртәы иаҳзалацәажәеит апроект аиҿкааҩцәа апресс-конференциаҟны.
Апроект автор Хьыбла Мықәԥҳа агәра лгоит апроект ҿыц аҟны ашәаҳәаҩцәа хәыҷқәа ралахәра аԥсуа естрада ԥхьаҟагьы ишацхраауазы.
"Агәахәара ду снаҭоит актәи аконцерт ахәыҷқәа ахьалахәхаз. Аԥхьа ҳара ҳгәы иҭан адуқәеи ахәыҷқәеи ахьеицалахәу концерт еиҿаҳкаарц. Ахԥатәи асезонгьы ацҵара ҳгәы иҭамызт, аха ацхыраара анҳау иҳаӡбеит апроект ацҵара", — лҳәеит Мықәԥҳа.
Мықәԥҳа лажәақәа рыла ахԥатәи асезон шьақәгылоуп ф-концертк рыла. Лара иазгәалҭеит аиҿкааҩцәа гәҭакны ишрымоу алахәылацәа ҿыцқәеи аинтерес зҵоу атемақәеи рыла ахәаԥшыҩцәа рыргәырӷьара. Лара иара убасгьы илҳәеит ашықәсҿыц азтәи аконцерт шазыԥхьагәаҭам.
"Ҳара иҳагәҭакым есымза аконцертқәа реиҿкаара. Аҩбатәи аконцерт "Аԥсны 67" ҳәа теманы иаиуеит. 2017 шықәса рзы "Аԥсны 67" аиубилеи азгәанаҭараны иҟоуп. Жәабранмза 13 рзы ансамбль асолист Лиудмила Гәымԥҳа илымшироуп. Лара дақәшаҳаҭхозар, аҩбатәи аконцерт абри амш аҽны имҩаԥаагар ҳҭахуп", — лҳәоит Хьыбла.
Амузыкатә проект аицеиҿкааҩ, актәи асезон арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа илҳәеит апроект хықәкы хаданы иамоу аԥсуа ашәа аларҵәара, аӡыргара шакәу.
"Ҳапроект хықәкны иамоу аԥсуа ашәа аларҵәароуп. Сгәы иаанагоит ахԥатәи асезонгьы апроект азы иҵыхәтәантәихарым ҳәа", — лҳәоит лара.
Уажәтәи асезон акәзар уаанӡатәиқәа излареиԥшым – еиндаҭлараӡам.
"Ҳара ҩаӡара дук ахь ҳамнеицзаргьы, ари – лагамҭоуп. Егьырҭ атәылақәа рҟны ишаабо еиԥш ашоу аҟаҵара уадаҩуп Аԥсны, избанзар зегьы аԥара иадҳәалоуп: амаҭәа, амузыка, алашара, агрим уҳәа зегьы» ҳәа азгәалҭеит арежиссиор.
Ахәаԥшцәа реиҳараҩык аԥсуа ашәа бзиа избо, изаҳар зҭаху роуп ҳәа лҳәоит Мадина Аргәынԥҳа.
"Ҳара ҳдырҽхәандаз ҳәа ҳаԥшым. Апроект абизнес алхрагьы гәҭакны иҳамам. Ҳхатә ԥарақәа иара иалаҳҵоит акәымзар, ак ҳаундаз ҳәа ҳаҟам, иагьҳауам", — лҳәеит Хьыбла Мықәԥҳа.
Аҩбатәи асезон арежиссиор, алахәыла Нара Ԥлиаԥҳа илҳәоит амузыкатә проект еиуеиԥшым ауаа шеиднакылаз. Иҟоуп абри апроект аҟны раԥхьаӡа акәны асценахь ицәырҵыз ауаагьы, иаҳҳәап аҳақьым Есма Шьанааԥҳа.
"Апроект мариам. Командакны еиуеитәым ауаа реидкылара акыр иуадаҩуп. Анцәа иџьшьаны аиҿкааҩцәа уи рылшеит, апроектгьы уаажәларратә проектуп ҳәа уҳәар ауа иҟалеит", — лҳәоит Ԥлиаԥҳа.
Апроект авторцәа ирҳәеит актәи асезон аан авокал азы рҵаҩны иҟаз Ильда Қәычбериаԥҳа шлакәу, аҩбатәи аан – Диана Шамԥҳа, алахәылацәа стилистс дрыман Асҭанда Аргәынԥҳа.
Амузыкатә проект "Ашәа еицаҳҳәап" раԥхьаӡа акәны аԥсуа сценаҟны ицәырҵит 2013 шықәса рзы.