Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бебиаԥҳа: ажурналистика иамоу аԥҟарақәа ирықәныҟәоит Sputnik Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукЕкатерина Бебиԥҳа
Екатерина Бебиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын ааба аҽны ҩышықәса ҵуеит аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны аусура хацнаркиижьҭеи. Амаҵзура аусуреи, иамоу агхақәеи, аихьӡарақәеи рзы лгәаанагара дазааҭгылеит арадиостудиаҟны ажурналист, ашәҟәыҩҩы, Екатерина Бебиаԥҳа.

Аԥснытәи аҳәынҭкарратә университет ажурналистика аҟәша апрофессор, ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа лажәақәа рыла аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иқәыԥшуп, ҩы-шықәса роуп иахыҵуа, аха аԥсуа жәлар ибзианы ирылаҵәахьеит. Еиҳарак аԥхьаҩцәа гәырӷьарыла ирыдыркылеит Sputnik Аԥсны арадио ааартра.

"Хра злоу ахҭысқәа": ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны азы лзеиӷьашьарақәа ҳацеиҩылшеит
 

Ажурналистика иамоу апринципқәеи, аԥҟарақәеи ирықәнаҟәоит аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ажурналистцәа ҳәа азгәалҭеит лара.

Ажәабжьқәа зегьы
0