Леонтьев имоноспектакль "Наше все – Фазиль Искандер" мҩаԥысраны иҟоуп ахәаша

© Sputnik / Томас ТхайцукПК с Авангардом Леонтьевым.
ПК с Авангардом Леонтьевым. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла жәлар рартист Авангард Леонтьев имоноспектакль "Наше все – Фазиль Искандер" мҩаԥысраны иҟоуп ахәаша, ԥхынҷкәын 9 рзы Аурыс драматә театр аҟны. Аспектакль аԥхьа имҩаԥысит актиори ажурналистцәеи Sputnik апресс-центр аҟны.

Фазиль иажәабжьқәа асценаҟынтә рыԥхьара заԥшьигази, Аԥсны игәалашәараҿ иааннакыло аҭыԥи уҳәа дрылацәажәеит актиор Авангард Леонтьев.

Sputnik, Владимир Бегунов.

Авангард Леонтьев иажәақәа рыла Фазиль иажәабжьқәа асценаҟынтәи рыԥхьара идигалеит 1979 шықәса рзы Пушкин ихьӡ зху москватәи амузеи адиректор Александр Креин.

"Иара исыдигалеит "Созвездие Козлотура" саԥхьарц — иҳәеит актер. – Сара усҟан уи ашәҟәы самыԥхьацызт, аха Искандер иӡбахә саҳахьан. Абиблиотекаҿ изгеит ашәҟәы. Сзыԥхьаз анырра ду снаҭеит, иџьасшьеит", ҳәа еиҭеиҳәоит Леонтьев.

Леонтьев ишигәалаиршәо ала афилармониаҟны "Созвездия Козлотура" афрагментқәа ирылхыз апрограмма рыдигалеит.

"Апрограмма арежиссиорс дҟалеит СССР жәлар рартист Дмитри Журавлев, — игәалаиршәоит Авангард Леонтьев. – Дмитри Николаи-иԥа Искандер ипроза даара бзиа ибон, ицәаҳәақәа мрагыларатәи аорнаментқәа ирыдиҳәалон".

Аха нас альманах "Метрополь" иадҳәалаз ахҭысқәа ҟалеит. Альманах авторцәагьы аиҳабыра лахь рырҭеит.

Ҩышықәса ааҵуаны актиор иӡбеит игәҭакы дазыхынҳәырц, "Созвездие Козлотура" асценаҟынтәи даԥхьарц, аха афилармониа аусзуҩцәа аидеиа иадымгылеит. Леонтьев идыргалеит аҽа рҿиамҭақәак дрыԥхьарц. Иара иалихит ажәабжьқәа хԥа: "Начало", "Рассказ о море", "Тринадцатый подвиг Геракла". Абри апрограммала актиор ҩеижәижәаба шықәса инареиҳаны ахәаԥшыҩцәа рахь дцәырҵуеит.

Авангард Леонтьев раԥхьатәи испектакль ахь днеиԥхьеит Фазиль Искандер.

Леонтьев ишиҳәо ала, иахьазы аспектакль асоциалтә ҵарра еиҵахеит, асовет аамҭақәа раан иаанарԥшуаз аҟынӡа инаӡом.

"Уажәы уи арҿиамҭа аԥхьара рацәак сгәы иаднакылом, аинтерес сыцәмаҷхеит", — иҳәеит иара.

Иарбан рольу еиҳа угәы зызҭо ҳәа, Авангард Леонтьев ирҭаз азҵаара аҭакс иҳәеит:

"Зегьы ароль дуқәа рыхәмарра рҭахуп, сара аепизодқәа сыхәмаруан. Акыр сгәы азҭоуп "Несколько днеи из жизни И. И. Обломова" аҟны Алексеев ироль. Акыр исгәаԥхоит "Утомленные солнцем" аҟны инеигӡаз амашьынарныҟәцаҩ ироль. Михалков иҳәеит уи аперсонаж сара сзы мацара асценари иалеигалеит ҳәа. Ароль дуум, аха исҭаху зегь аҳәоит".

Аԥсны далацәажәо Авангард Леонтьев еиҭеиҳәеит 1953 шықәса, ҭагалан ара дшыҟаз. Игәалашәараҿы иаанхеит ақалақь аҟны аҳәса зегьы аиқәара шыршәыз.

"Ибзиан исгәалашәоит кавказтәи асасдкылашьа. Зны сҭаацәа ахш аархәарц рыӡбеит. Ҳахьнеилак аишәахь ҳнарыԥхьон, аҩы, ашә, ашәыр уҳәа ирымаз ҳадыргалон", — иҳәоит иара.

Актиор иажәақәа рыла Аҟәатәи ашьха усҟан Сталин ишьха ҳәа иашьҭан. Игәалашәараҿы иара убасгьы иаанхеит Аҟәатәи ампиртә архитектура.

"Нас сара изныкымкәа Фазиль Искандер сицны саахьан. Арахь саахьан аибашьра ашьҭахьгьы. Усҟан зегь еилаԥыххаан. Уажәы зынӡа аҽакуп избо", — иҳәоит Леонтьев.

Урыстәыла жәлар рартист Авангард Леонтьев имоноспектакль "Наше все – Фазиль Искандер" мҩаԥысраны иҟоуп ахәаша, ԥхынҷкәын 9 рзы Аурыс драматә театр аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0