АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аҟәа ақалақь Ахадара акоммуналтә Усбарҭа аусурақәа мҩаԥнагоит иуашәшәыроу аҵлақәа ргәаҭаразы, амҩақә иахьырҿықәу аԥслымӡ ашьҭаҵаразы. Абри атәы Sputnik аинтервиу анеиҭоз иҳәеит акоммуналтә Усбарҭа аиҳабы Дмитри Аҳәба.
"Ҳанхамҩа аҿаԥхьа дҵаны иқәыргылоуп асы леир, ма ԥшаӷьы ӷәӷәак асыр икаҳар зылшо, зышьаҭа ӷәӷәам аҵлақәа ралкаара. Амҩатә маҵзурақәа ракәзар амҩа ҩадарақәеи амҩа ладарақәеи рҟны аԥслымӡ еизыркуеит", — иҳәоит Аҳәба.
Ақалақь анхарҭатә Усбарҭа аиҳабы Сергеи Матосиан иазгәеиҭоит напхгара зиҭо аубарҭаа аҿаԥхьагьы адҵа рацәа шықәгылоу.
"Ҳара хылаԥшра аҳҭалоит ахыбқәа ирықәлар ауа асы. Аҵаа ҟаларгьы ашьашьалқәа шәарҭамхарц ахыбқәа рыцқьалатәуп. Асы рацәаны илеир ашҭақәеи аҩнқәа рахь анеирҭақәеи ҳрыцқьалароуп. Арҭ аусқәа аҩнусбарҭақәа рҿаԥхьа иқәгылоу ракәны иҟоуп", — иҳәеит матосиан.
Акоммуналтә Усбарҭа аиҳабы Дмитри Аҳәба Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра
Аҟәа ақалақь Ахада Адгәыр Ҳаразиа инапы аҵеиҩит "2016-2017шықәсқәа рзы ақалақьтә маҵзурақәа аӡынра аамҭа рҽазыҟаҵаразы" ҳәа Адҵақәҵа.
Иара убасгьы ишьақәырӷәӷәоуп аекстрималтә ҭагылазаашьақәа раан акоммуналтә усбарҭақәа русеицуразы аоперативтә штаб аилазаара. Аштаб напхгара аиҭоит ақалақь Ахада Адгәыр Ҳаразиа.