Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа Санкт-Петербург иҟан ԥхынҷкәын 5-10 рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа санкт-Петербург иҟан
Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа санкт-Петербург иҟан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа Санкт-Петербург иҟан Азакәанԥҵаратә еизара адепутатцәа иҟарҵаз анаԥхьарала ԥхынҷкәын 5-10 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәеи Санкт-Петербург Азакәанԥҵаратә еизара адепутатцәеи рыбжьара анапаҵаҩра зауз Амеморандум атуризм аусхки агәабзиарахьчара аусхки рҟны аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы иарҿиараны иҟоуп. Абри атәы иҳәеит Sputnik апресс-центр аҟны имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩы Константин Ԥлиа.

"Санкт-Петербургтәи ҳколлегацәа ирҳәеит ацхыраара шыҟарҵало Аԥснытәи ахәыҷқәа рыхәышәтәраҟны. Ҳара ҳакәзар, ҳазхәыцуеит Санкт-Петербургтәи ахәыҷқәа аԥхынтәи рыԥсшьараамҭа Аԥсны ишырхыргаша атәы", — иҳәеит Ԥлиа.

Аҟәатәи Ақалақьтә еизара аппарат аиҳабы Асҭамыр Ҳашба иажәақәа рыла имаҷымкәа ажәалагалақәа ҟаҵан атуризм аганахьала.

"Ауаа азыхиоуп аус ҳацура. Ирацәаҩуп зыԥсшьараамҭа Аԥсны изхызгарц зҭаху. Абри аганахьала иҟауҵаша акыр ирацәоуп. Амеморандум иаҳнаҭоит алшара Санкт-Петербурги Аҟәеи хра аманы аус еицырулартә еиԥш аҟаҵара", — иҳәеит Ҳашба.

Аҟәатәи Ақалақьтә еизара анхарҭа-коммуналтә нхамҩа аиҳабы Адамыр Лагәлаа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит аԥснытәи аделегациа петербургтәи "Водоканал" ишаҭааз атәы, уа ирбаз-ираҳаз.

Иара иазгәеиҭеит урыстәылатәи рколлегацәа рԥышәа аҵакы аманы ишыҟоу.

Аҟәатәи ақалақьтә еизареи Санкт-Петербург азакәанԥҵаратә еизареи рыбжьара Амеморандум анапаҵаҩра мҩаԥысит ԥхынҷкәын 7 рзы, Мариинтәи ахан аҟны.

Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура адырраҭарақәа рыла Амеморандум анапаҵаҩра ацеремониа иалахәын Санкт-Петербургтәи азакәанԥҵаратә еизара алахәылаҩцәа. Аԥснытәи аделегациа иалахәын ақалақьтә еизара адепутатцәа Лаша Ашәба, Адамур Лагәлаа, Роман Цкәуа, Нарсоу Салаҟаиа, Инна Кәарҷиаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0