Аԥснытәи ашьхақәа иахьатәи рыпроблемақәа

© Sputnik Томас ТхайцукАԥснытәи ашьхақәа
Аԥснытәи ашьхақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьха топонимика апроблемақәеи, ажәытә хьыӡқәа еиқәырхашьас ирымоуи, ашьхараҟны ахымҩаԥгашьа аҷыдарақәеи ртәы шәаԥхьар шәылшоит Асида Кәыҵниаԥҳа лрепортаж аҟны.

Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа

Зқьышықәсала аԥсуаа рышьхақәеи дареи адоуҳатә еимадара рыман. Аԥсны аҵакырадгьыл 75% рҟынӡа шьхеибаркыроуп. Ҩадала Аԥсны иаҿыкәыршоуп Гагратәи, Бзыԥтәи, Аԥснытәи, Кәыдрытәи ашьхеибаркырақәа.

"Аԥсуаа еснагь ашьхара дгьылқәа нхарҭаны ирыман. Ҳабацәа, ҳабдуцәа арҭ ашьха ԥшьақәа еснагь ирыхьчон. Иахьагьы иҟоуп инапҩымҭам азакәанқәа – ашьхараҿ ахымҩаԥгашьа узырбо, узықәныҟәаша. Араҟа аҽаџьара еиԥшымкәа ахымҩаԥгара аҭахуп", — иҳәоит аҵарауаҩ Валери Кәарҷиа.

Аԥсуаа ашьхақәа рдоуҳа агәра харҵоит, ирымҵаныҳәоит. Агәра ргоит урҭ аманшәалара шаарго еиԥш ашәигьы уқәдыршәар шауа.

Аԥсуа ҵарауаҩ Таҷ Гыцба гәалсрыла иазгәеиҭеит иахьа ауаа ашьхараҟны ахымҩаԥгашьа шырзымдыруа.

"Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ашьхақәа ринтерес ркуа иалагеит аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш арахь ԥсшьара ҳәа иаауагьы. Аха џьоукы-џьоукы иарбанызаалак хымҩаԥгашьа ҳәа ак рыздыруам ашьхараҿ. Ашьха арахә зыхьчо ахьшьцәа шамахамзар ааԥҭрақәа рҟны рышьҭахь иааиуа изы афатә-ажәтә нрыжьуеит. Ус иаԥуп. Аха заҟантә иҟалахьоузеи урҭ ааԥҭрақәа рбганы икарыжьуа, ма зынӡа амца ацраҵаны ирбылуа. Ас ҟалашьа амамзароуп", — иҳәоит Гыцба.

Апроект Ишьхатәылоу Аԥсны - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аекстрималтә туризм аҿиара аиур алшоит

Аҵарауаҩ ишиҳәо ала ашьха зынӡаск иҟалаӡом аӡиақәа рҟны аҽыкәабара, уҽырҟьантазны аныҟәара, ажәа бааԥс аҳәара. Ахәыцраҵәҟьа цқьазароуп.

"Ашьхақәа рышәи ыҟоуп. Дара ишрыхәҭо имныҟәо – дахьдырхәуеит", — иҳәоит аҵарауаҩ.

Ажәытәан аԥсуаа аҭыԥқәа рыхьыӡқәа анрырҭоз ирацәан иазхәыцуан. Амҳаџьырра ашьҭахь, иҭацәыз адгьылқәа атәымуаа анырхыла, ахьӡқәа рыԥсахит.

"Убас 1917 — 1953 шықәсқәа раан, Аԥсны ишалшоз ала ианқырҭуартәуаз, ахьыӡқәа зегьы шьаҭанкыла ақырҭуахь ирханы ирҳәо иалагеит. Имаҷӡахеит аԥсуа хьыӡқәа", ҳәа еиҭеиҳәоит Кәарҷиа.

Иара иажәақәа рыла абри азҵаара аԥсуа интеллигенциа агәҭынчымра ду рызцәырнагон. 60-тәи қәа раан жәлар реизарақәа рҟны абри азҵаара хаданы иқәдыргылон. Ирацәоуп зыԥсахра рылшаз, аха макьаназгьы ирацәоуп еиҭамккәа иаанханы иҟоу, аиҳаракгьы ашьхараҟны.

Таҷ Гыцба ашьха ҭыԥқәа рыхьӡқәа ииашаны ирҳәаларц азы рыхьыӡқәа риашаны аинформациатә ӷәқәа ана-ара иргылалатәуп ҳәа иԥхьаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0