Ҵәгәырла аԥсыӡкразы аҩбатәи жәларбжьаратәи ачемпионат мҩаԥысит Бзыԥ аӡиас аҿы

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаЦәгәырла аԥсыӡкразы, аҩбатәи жәларбжьаратәи ачемпионат мҩаԥысит Бзыԥ аӡиас аҟны
Цәгәырла аԥсыӡкразы, аҩбатәи жәларбжьаратәи ачемпионат мҩаԥысит Бзыԥ аӡиас аҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәараҟнытә цәгәырла аԥсыӡкразы аҩбатәи жәларбжьаратәи ачемпионат мҩаԥысит Бзыԥ аӡиас аҿықәан.

ГАГРА, ԥхынҷкәын 12 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ԥхынҷкәын 10 инаркны 12-нӡа, Аԥсны аԥсыӡкреи ашәарыцареи рзы Афедерациа имҩаԥнагеит ҵәгәырла аԥсыӡкразы аҩбатәи ачемпионат. Уи иалахәын 36-ҩык Аԥсныи, Урыстәылеи, Лугански рҟнытә аԥсыӡкыҩцәа.

"Аҟәараҟнытә ҵәгәырла аԥсыӡкразы аҩбатәи жәларбжьаратәи ачемпионат иалахәын аԥышәа ду змаз Урыстәылатәи акомандақәа. Иаҳҳәозар, Урыстәылеи Европеи адунеии ирчемпионхахьору аԥсыӡкыҩцәа. Аԥсны ахьӡала ачемпионат иалахәын Аҟәеи Гәдоуҭеи Гагреи Пицундеи рҟнытә акомандақәа. Иаҳзааз асасцәа аԥсыӡкраҿы аԥышәа ду рыман аҟнытә, аԥшәмацәа иҳалымшеит аԥхьахәтә ҭыԥ агара. Аха, ҳара ҳзы ихадароу, абас еиԥш аҩаӡара ҳаракы змоу ачемпионат ҳтәылаҟны иахьымҩаԥысуаз ауп. Агәра ганы ҳагоуп, ҩаԥхьа иҳауыз аԥышәа ҳхы иархәаны, аԥхьахә шԥаҳамгари", — ҳәа иҳәеит Аԥсны аԥсыӡкреи ашәарыцареи рзы Афедерациа ахада Альберт Бондаренко.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаЦәгәырла аԥсыӡкразы аҩбатәи жәларбжьаратәи ачемпионат мҩаԥысит Бзыԥ аӡиас аҿы
Цәгәырла аԥсыӡкразы аҩбатәи жәларбжьаратәи ачемпионат мҩаԥысит Бзыԥ аӡиас аҿы - Sputnik Аҧсны
Цәгәырла аԥсыӡкразы аҩбатәи жәларбжьаратәи ачемпионат мҩаԥысит Бзыԥ аӡиас аҿы

Бзыԥ аӡиас аҳәырԥссара иатәым аҵакыраҟны иоужьын ҩ-нызқь цыра акалмаҳа. Аԥсыӡкра мҩаԥысуан "икны иоужь" асистемала. Аԥсыӡкыҩцәа иркуа аԥсыӡ, напыла иакьымскәа, аӡбаҩ ианирбаны, ааха амҭакәа иоурыжьуан.

Иазгәаҭатәуп, ачемпионат ахәшьара шарҭоз Урыстәылазегьтәии Жәларбжьаратәии аҩаӡара змоу аӡбаҩцәа.

Ачемпионат алҵшәақәа рыла, актәи аҭыԥ иаԥсахеит Санкт-Петербургтәи акоманда, дара иркит 89 ԥсыӡ. Аҩбатәи аҭыԥ аннакылеит Краснодартәи акоманда, дара иркит 67 ԥсыӡ, ахԥатәи аҭыԥ иаԥсахеит Москватәи акоманда, 58 ҵыра аԥсыӡ кны.

Ахатәы зшьаҟны, Санкт-Петербургтәи асас Алексеи Больбит 52 ԥсыӡ кны актәи аҭыԥ игеит, иара ианашьан 15 нызқь мааҭ аԥара. Аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит ҩаԥхьа Санкт-Петербургтәи аԥсыӡкыҩ Александр Воробиов, уи 33 цыра аԥсыӡ икит, иагьианашьан 10 нызқь мааҭ. 25 цыра аԥсыӡ кны, ахԥатәи аҭыԥ иҽаԥсеитәеит Краснодартәи аԥсыӡкыҩ Антон Федоров, иара ҳамҭас иҭан 7 нызқь мааҭ.

Ари ачемпионат Аԥсны имҩаԥысуеижьҭеи, уажәшьҭа ҩышықәса ҵуеит. Ари аамҭа иалагӡаны, Бзыԥ аӡиас аҟны иоужьын 16 нызқьи бжаки цыра акалмаҳ.

"Сара даара агәахәара ду снаҭеит, Аԥсны сааны, абас еиԥш иҟоу аицлабра сахьалахәыз. Ари атәыла аӡбахә анаҳҳәо, ҳхаҿы иааҳгоз амра лашеи амшыни ракәын. Аха уажәы агәра ҳгеит, акурорттә ԥсҭазаара анаҩс, араҟа иҵегь аинтерес зҵоу угәабзиара иазеиӷьу аамҭа ухыугар шалшо", — ҳәа азгәеиҭеит ачемпионат аҟны актәи аҭыԥ иаԥсахаз, Санкт-Петербургтәи аԥсыӡкыҩ Алексеи Больбит.

Ааигәа, Бзыԥ аӡиас аҿықәан имҩаԥысраны иҟоуп ақәыԥшцәа рыбжьарагьы аԥсыӡкразы ачемпионат.

"Иахьа, ҳара иаҳгәиҭан фышықәса зхыҵуа инаддыркны жәохә шышқәсанӡа зхыҵуа ақәыԥшцәа рыбжьарагьы ҵәгәырла аԥсыӡкразы ачемпионат амҩаԥгара, аха амш иаҳнамҭеит. Убри аҟнытә, уи амҩаԥгара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп амш анеилгалакь, ҩымчыбжь рышьҭахь", — ҳәа инаҵишьит Бондаренко.

Ачемпионат цонаҵы, аԥсыӡ ахьоурыжьуа аҭыԥ хылаԥшра арҭоит Аҩнуҵҟатәи Аусқәа Бзыԥҭатәи аҟәша аусзуҩцәа.

Уи азы, ҷыдала Аԥсны аԥсыӡкреи ашәарыцареи рзы Афедерациа ахадара иҭабуп ҳәа рарҳәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0