Ҳаџьымба ҭелла дидныҳәалеит Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада ҿыц

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахадеи ҭелла реицәажәараан ирылацәажәан ԥхьаҟатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ҭелла дидныҳәалеит Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада ҿыц Вадим Красносельски. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ахада иофициалтә саит.

"Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит алхрақәа раан ижәгаз аиааира. Алхрақәа рахь хыԥхьаӡара рацәала ауаа рнеира, урҭ шәара ишәыдгыланы рыбжьыҭира иунарбоит шәара шәышҟа ирымоу агәрагара, имҩаԥыжәго аполитикатә хырхарҭа адгылара ду шарҭо", — иҳәеит Рауль ҳаџьымба.

Ҳаџьымба иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахааназгьы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика иаҩыза иашан ишыҟаз, усеиԥшгьы ишаанхо. Иҳәеит агәрагара шимоу Красносельски инапхгарала ареспубликақәа рыбжьара аусеицуреи аиҩызареи ԥхьаҟагьы аҿиара аиуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0