АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка, авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" асахьаркыратә напхгаҩы Роза Чамагәуаԥҳа ԥхынҷкәын 11 рзы 70 шықәса лхыҵит. Аԥсуа профессионалтә вокалтә ҟазараҿ ллагаламҭақәеи лылшарақәеи рзы Аԥсны Ахада Идҵала Роза Чамагәуаԥҳа иланашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара.
"Ҳара гәык-ԥсык ала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи. Аԥсуа вокалтә ҟазараҿ шәлагала акырӡа идууп. Ҳара уи азы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. 2017 шықәса рзы напхгара зышәҭо ансамбль «Гәында» аиубилеи шықәс мҽхакы ҭбаала иазгәаҳҭараны ҳаҟоуп", — лҳәеит Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.
Акультура азҵаарақәа рзы Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа Роза Чамагәуаԥҳа лиубилеи лыдныҳәало иҳәеит:
"Акырӡа аџьабаа адыжәбалеит аԥсуа музыкатә фольклор аҿиара, ажәлар рыларҵәара. Аҭоурых шьаҭа ду змоу ҳфольклортә музыка ԥхьаҟатәи абиԥарақәа ирзеиқәшәырхоит", — иҳәеит иара.
Роза Чамагәуаԥҳа лакәзар, ҭабуп ҳәа ралҳәеит лџьабаа ахә ҳаракны иахьыршьаз азы.
Владимир Занҭариа иҳәеит аорден лнапаҿы ишлыркхо ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рыламҭалаз.
Роза Чамагәуа – диит Поти ақалақь аҟны, 1946 шықәса рзы, аррамаҵзурауаҩ иҭаацәараҿы. 1965шықәса рзы Аҟәатәи акультурарккаратә ҵараиурҭа дҭалоит. 1969 шықәса рзы иара уа рҵаҩыс аусура далагоит. 1977 шықәса инаркны ансамбль "Гәында" аҟны аусура далагоит. 1983 шықәса рзы "Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз артистка" ҳәа ахьӡ лыхҵоуп. 2007 шықәса рзы – "Аԥсны Аҳәынҭқарра жәлар рартистка" ҳәа ахьӡ лыхҵоуп.