Sputnik, Сырма Ашәԥҳа.
"Даара исцәыуадаҩуп ари амш агәалашәара. Тҟәарчал араион Аҟәарчаԥан аҳаблан еизеит ажәлар рацәаҩны. Ҳхәыҷкәа рыԥсеиқәырхаразы Гәдоуҭаҟа аидарамҩангага аҳаирпланқәа рыла ҳԥыруан. Аҽны амш бааԥсын, арахь аӡыԥшаҳәан, аԥша ҵәыҵәы ықәсуан. Ишакәхалакгьы аҳаирпланқәа ааит, ажәлар еижәыланы иҭалеит, иамккәа иаанхақәазгьы ыҟоуп.
Сашьа иԥшәма ԥҳәыси хҩык лхәыҷы ԥшқацәеи ҳаманы аҳаирплан ҳақәтәеит. Сашьцәа сыҳәеит ахәыҷқәа машәыр рмыхьырц азы иалызгарц. Шәазхәыц нас саргьы сҭагылазаашьа шаҟа иуадаҩыз, аибашьраҿы сашьцәа, сан, саб, сҭынхацәа зегьы ааныжьны, ирыхьуа сзымдыруа сцара.
Сашьа дҳацхраан аҳаирплан ҳҭеиҵеит. Аха, минуҭқәак ааҵуаны, иара аҳаирплан аҿы иҭахаз Аслан Занҭариа дааҭалан, ҳныҭганы егьи аҳаирплан ҳҭаиртәеит. Уажә саназхәыцуа лакәҵас исзааиуеит уи ахҭыс. Ԥсаҭаҵәҟьала иуҳәозар, ҳара Аслан Занҭариа иԥсоуп ԥсыс иаҳхоу. Ҳарҭ, раԥхьа иҭадырхараны иҟаз аҳаирплан ауп ҳазҭалаз. Ҳазҭатәаз аҳаирплан ҩыҵԥрааит. Раԥхьа, сыхшыҩ самжьозар ҳара ҳҳаирплан ауп ишьҭыԥрааз, жәаминуҭк раҟара ауп иҳабжьахаз, дара еишьҭагыланы иԥыруан.
Сара санду, саб иан д-Ҳаразиаԥҳауп, Лаҭа ақыҭа далҵит. Ашьхара ҳанахыԥраауаз, лымкаала Лаҭа ақыҭа салаԥшуан. Аҳаирплан ауаа мҩанызгоз акәӡамызт, ус еиқәышәшәа иҟамызт. Абри сшьапаҟынҵәҟьа икылжәаны иҟан адашьма. Убас убрантә аԥша аауан, ахәыҷы искыз дыӡҟын, аԥша имысааит ҳәа сшьапы ақәыргыланы искын. Аха, абри Лаҭа ҳахыԥраауа ҳаналага, санду лыҩны еибгомашь, исызбарыма ҳәа, сшьапы снахан иахькылжәаз аҟынтә аԥшра салагеит. Акы ӷәӷәала амца шакыз збеит, аха ҳаирплануп ҳәа сыҟоума?..
Абри атанк абрахь ихагаланы ишԥарыбли ҳәа саазхәыцит азнаказы. Аҳаирплан амца зкыз аҵыхәа, атанк ақьышә акәушәа сзааит. Ус, ҳазҭаз аҳаирплан тәеит. Ҳанааҭыҵ, иаҳзыԥшыз автобус ҳанҭаргалеит Гаграҟа ҳаргаразы. Ҳазҭатәаз автобус дааҭалеит Едик Нанба.
"Ҷлоуаа аӡәыр шәыҟоума?", ҳәа ибжьгьы ааиргеит. Аха, ус дызҵаауаз еилырганы иҳаздыруамызт, ҳарҭ аӡәгьы иҳаимҳәаӡеит аҩбатәи аҳаирплан шкаҳаз. Гагра ҳанхарҭатә ҭыԥқәа рҿы ҳнарган, ауадақәа ҳныҩнарҵеит. Ҭҟәарчал ҳахьынтәиҵԥраауаз аҭыԥ аҿы аҳәынҵәа рацәан, иҳашьаз ҳаимаақәа срыцқьап сҳәан акран ахьыҟаз сындәылҵит. Санаахьаԥш, сыла сеижьаз џьысшьеит.
Ажәлар рацәа снарылаԥшит. Сыҩны снарыдыххылеит. Зегьы рҭынхацәа рыӡбахә ҳәаны иҵаауан. "Ани дыббама, ари дыббама?", ҳәа. Зегьы ҵәыуон, зегьы акы иазҵаауан. Ашьҭахь еилкаахеит ахлымӡаах еиқәаҵәа ззырҳәоз шыҟалаз…
Ҳашьҭахьҟа инҳажьыз ҳҭаацәа шаҟа игәжәажәоз шәазхәыц. Ҳхабар злаҳацҳашаз аимадара ҳәа акгьы ыҟамызт. Иҭахаз рсиаҿы аҳаирплан иҭаблыз Амҷаа ыҟан. Саб, Апполон Амҷба, иҟалаз ахҭыс игәы иазымычҳакәа адырҩаҽныҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит… Аҳаирплан иҭаблыз ҳауаажәлар рхаҿсахьақәа сыбла ихгылоушәа збоит, еиҳаракгьы абри арыцхә анааигәахо.
Иҟан хаҭала сара издыруаз, уа иҭаз ауаа. Валериан Коӷониа, ихәыҷы дыкны дгылан. Иикыз ашәыра азна ацәымҳақәа ҭан. "Иҟои, Валериан (Нана), ариаҟара ацәымҳа азыжәуазеи?", ҳәа саниазҵаа, аҭакс абас саиҳәеит: "Еҳ, Индира, знык Гәдоуҭа исзааныжьыр сҭаацәа, сгәы рҭынчны схынҳәуан шьҭахьҟа", иҳәеит. Урҭ ажәақәа сгәы иҭынҵәом ахааназы. Ибзианы дыздыруан Мадона Сангәылиаԥҳа, Амҷаа… (Лылаӷырӡқәа илдырҳәом).
Иҭахаз рсиа Гәдоуҭа ианыкнарҳа, ажәлар адеизаланы ианахәаԥшуаз, ахааназы исхашҭраны сыҟоума? Агәаларшәарагьы сцәыуадаҩуп. Сара сыԥсҭазаараҿы ари ахҭыс зегь реиҳа игәыҿкаагоу хҭысны иаанхоит".