АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – sputnik, Роберт Џьопуа. Ауаҩы имазар зылшо ацәама-хкы — гельминтоз (дирофилиариоз) аарԥшын 2016 шықәса рзы. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳақьым-апаразитолог Валентина Заицева.
"Сара абри аганахьала аус зуеижьҭеи акрааҵуеит, аха сынтәа раԥхьаӡа акәны исԥылеит дирофилиариоз ала ауаҩы иҟьашьра. Иара акәыбры ацҳарала еиҭаҵуеит", — лҳәеит лара.
Заицева еиҭалҳәеит ацәама ахирургиатә ҟазшьала ишимхыз.
Апаразитолог Валентина Заицева Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра
Апаразитолог лажәақәа рыла ари ацәама аиҳарак аԥстәқәа роуп изауа. Шамахамзар ауаҩы иднагалом.
"Акәыбры чмазаҩ ауаҩԥсы иҟҳазар, аинкубациатә аамҭа мызқәак инадыркны ҩба-хԥа шықәса рҟынӡа инеир алшоит. Ауаҩы ицәаҿы иалазар – ачыра аанахәоит, абла агәы ихызар – аблацәақәа чуеит, ишәуеит", — лҳәеит Заицева.
Аҳақьым ишьақәлырӷәӷәоит ауаҩԥсы иоур алшо 300 хкы ацәамақәа рҟынтәи Аԥсны иуԥыло 20 хкы роуп ҳәа.
60 процент рҟынӡа атәыла ауааԥсыра ацәама рымоуп, аиҳаракгьы ахәыҷқәа.