Аԥсны аоппозициатә мчрақәа реизара хыркәшахеит

© SputnikАԥсны аоппозициатә мчрақәа реизара хыркәшахеит
Аԥсны аоппозициатә мчрақәа реизара хыркәшахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аоппозициатә мчрақәа имҩаԥыргаз жәлар реизара хыркәшахеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны аоппозициатә мчрақәа имҩаԥыргаз жәлар реизара хыркәшахеит ҳәа ааицҳаит ҳкорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Афонд "АԤРА" анапхгаҩы Аслан Бжьаниа еизаз ирылеиҳәеит аиҿцәажәарақәа алҵшәақәа шаарышьҭыз, ҭабуп ҳәа реиҳәеит иаадырԥшыз ачҳаразы.

"Зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Иахьа иҟаҵаз зегьы иашаны иҟаҵан", — иҳәеит иара.

Аслан Бжьаниеи егьырҭ аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәеи Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба иԥылеит. Бжьаниа иажәақәа рыла Бганба бжьаҟазаҩык иаҳасабалеи аполитикатә ҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы атәыла Ахада иажәадгалақәа рыхәдықәҵаҩыси дықәгылеит.

Аиҿцәажәарақәа раан атәыла Ахада ажәалагала ҟаиҵеит аоппозициа ахаҭарнакцәа Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩи, Апрокурор хадеи, Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәеи, ААК (ЦИК) алахәыла ҿыццәа ԥшьҩыки рнапынҵақәа нарыгӡаларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0