Гагратәи ансамбль "Афырҭын" Гран-При иаԥсахеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи ансамбль "Афырҭын" Гран-При иаԥсахеит
Гагратәи ансамбль Афырҭын Гран-При иаԥсахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Афырҭын" Гран-При иаԥсахеит Санкт-Петербург.

ГАГРА, ԥхынҷкәын 19 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагратәи ахәыҷтәы ахореографиатә ансамбль "Афырҭын" аиҵбыратәи агәыԥ алахәын, Санкт-Петербург имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс "Гранд-Премиум".

Ари аицлабрахь ааԥхьара рыман, иҳаҩсуа ашықәс иалагӡаны, еиуеиԥшым афестивальқәеи аконкурсқәеи рҟны актәи аҭыԥқәеи "Гран-Прии" ирыԥсахахьаз атәылақәа жәпакы рҟнытә иреиӷьу 82 коллектив.

Гагратәи акәашацәа, афестиваль аартра аҽны инарыгӡеит акәашара "Аураашьа". Аицлабра актәи атур аан иқәдыргылеит "Аварцәа ржәытә кәашара". Аҩбатәи атур аан инарыгӡеит "Бзыԥаа рыкәашара".

"Ансамбль "Афырҭын" Санкт-Петербург изныкымкәа иқәгылахьеит. Уажәшьҭа хынтәуп аҳамҭа ду "Гран-При" ҳара иааҳгоижьҭеи. Ари даара акразҵазкуа акәны иҟоуп, избанзар иреиӷьу акәашаратә ансамбльқәа ираԥаагеит. Аԥхьахә шаҳгоз еилаҳкааит ҳақәгыларақәа имеихсыӷьуаз напеинҟьарыла ахәаԥшцәеи аӡбаҩцәеи ианрыдыркыла", — иҳәеит ансамбль "Афырҭын" асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лев Қьецба.

Артистцәа қәыԥшцәа ракәзар, агәалаҟазаара бзиа рыманы аҩныҟа ихынҳәит.

"Ҳара ҳгәы хыҭ-хыҭуан асцена ду аҟны ҳанықәгылоз. Избанзар, иаҳҭахын ҳтәыла ҩаԥхьа ахьӡ ҭаҳгарц. Ҳазегьы ҳамч анеибаҳҭа, ҳхореографцәа ражәа ҳанацныҟәа иҳалшеит "Гран-При" агара. Уи азы ҷыдала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит иаҳзааԥсаз ҳарҵаҩцәа, иара убас ҳҟазараҿы еснагь иҳавагылоу ҳҭаацәа", — рҳәеит акәашацәа.

Ансамбль "Афырҭын" асахьаркыратә напхгаҩи акәашацәеи иҭабуп ҳәа рарҳәоит Гагра араион Ахадара, рганахь иаадырԥшыз ацхырааразы.

Аҳамҭа ду "Гран-При" аазгаз артистцәа аҳәааҟны ирԥылеит рҭаацәеи рҩызцәеи. Араҟа, ашҭаҿы ахәыҷқәа рымчала имҩаԥган ргәырӷьара зырҵабыргуаз ақәгылара.

Ажәабжьқәа зегьы
0