Нарҭаа адауаԥшьқәеи аԥсаӡ хадеи: ишԥаԥыло ашықәс ҿыц Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукАтәыла аԥсаӡ хада
Атәыла аԥсаӡ хада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла аԥсаӡ хадеи аҳҭнықалақь амҩадуқәа рырԥшӡашьеи, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны ицәырҵран иҟоу Сасрыҟәеи иара иашьцәеи ртәы далацәажәоит Амра Амҷԥҳа.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа.

Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҟны ихдыркәшоит атәыла аԥсаӡ хада ақәыргылараз аусурақәа. Аԥсаӡ ленталеи хәмаргалеи архиара иаҿуп. 18 метра иҟоу аҳаракырахь ихаргалоит аеҵәа ҟаԥшьыхәхәара. Узбекисҭанынтәи Аԥсны иааны аус зуа аусуҩ Бек еиҭеиҳәоит иара иԥсадгьыл аҟны ашықәс ҿыц аныҳәа ҩынтәны ишаԥыло: зегь реиԥш ԥхынҷкәын 31 аухеи хәажәкырамза 21 рзи.

"Зехьынџьареиԥш Узбекисҭангьы дрымоуп Аҵаа Бабаду. Уи Корбобо ҳәа иарҳәоит. Дҳамоуп асҭыԥҳагьы. Уи – Коркиз лыхьӡуп", — иҳәоит Бек.

Амшцәгьақәа иҟаз ирхырҟьаны сынтәа аԥсаӡ аизгара маҷк ихьшәахеит ҳәа иҳәоит Аҟәа ақалақь асахьаҭыхыҩ хада Руслан Габлиа.

Аҟәатәи аԥсаӡ аура 18 метра иҟоуп, аҭбаара – 7 метрак.

"Аԥсаӡ аԥшшәы хадақәа аиаҵәеи аразны-шкәакәеи роуп. Иааиуа ашықәс арбаӷь ҟаԥшь иахьашықәсу инамаданы иӡбоуп алашарақәа аҟаԥшьи араӡни рыԥшшәала реиҿкаара. Ахәмарга ҿыцқәа шааҳхәазгьы аиҳарак ҳхы иаҳархәоит ҵыԥхтәи ахәмаргақәа", — иҳәоит Габлиа.

Ақалақь анапхгара аԥсаӡқәа дыргылоит Араион ҿыц, Алашарбага аҳабла, Ажәытә ҳабла рҟны.

"Араион ҿыц аҟны иргылахоит 11 метра иҩеиуа аԥсаӡҵәҟьа. Аҳҭнықалақь егьырҭ араионқәа рҟынгьы иргылахоит аԥсаӡқәа", — иҳәоит асахьаҭыхыҩ хада.

Аныҳәа зехьынџьара иуцзарц ақалақь амҩадуқәагьы дырԥшӡараны иҟоуп. Илашо, хԥа-хԥа метра иҩеиуа Нарҭаа ҳрыниоит аԥсаӡ хада аҿаԥхьеиԥш Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьеи Аҟәа ақалақь Ахадара аҿаԥхьа иҟоу абаҳчеи рҟны.

"Урҭ руаӡәк – Нарҭ Сасрыҟәа инапаҿы икуп ахыци ахәымпали. Урҭ рыла иара ажәҩан аеҵәа кыдыршәаны иашьцәа еиқәирхоит. Нарҭ Башныхә иакәзар, инапаҿы икуп амузыкатә инструмент – аҿырпын. Ахԥатәи А-нарҭ ацәхьа ҩышьҭыхны ашықәс ҿыц ааира ажәлар ирыдиныҳәалоит", —  ҳәа еиҭеиҳәоит Габлиа.

Аусурақәа зегь рхыркәшара ԥхынҷкәын 20 рзынӡа акәхоит.

"Амш иаҳнаҭар ԥхынҷкәын 25 инаркны ажьырныҳәа 7 рҟынӡа аԥсаӡ хада аҿаԥхьа аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥгахалоит", — иҳәоит Руслан Габлиа. Ашықәс ҿыц ауха Ахақәиҭра ашҭаҟны асааҭ аказы аныҳәатә программа аартхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0