Рауль Ҳаџьымба Владимир Путин адашшыларатә шәҟәы изишьҭит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит адипломат ишьра ацивилизациатә уаажәларра рҟны еицрыдыркылахьоу анормақәа зегьы еилазго цәгьоураны ишыҟоу.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин иахь адашшыларатә шәҟәы ишьҭит, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны иҟаз Урыстәылатәи афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Андреи Карлов ишьра инадҳәаланы.

"Аԥсны иқәынхо ажәлари, хаҭала сареи ҳахьӡала гәалсра дула сшәыдашшылоит. Иуадаҩу абарҭ аамҭақәа рзы Андреи Геннади-иԥа иҭаацәа, иуа-иҭахы ргәырҩа рыцеиҩаҳшоит. Адипломат ишьра ацивилизациатә уаажәларра рҟны еицрыдыркылахьоу анормақәа зегьы еилазго цәгьоураны ишьоуп. Ҳара аҭыԥ зауз атеррористтә акт ҳақәыӡбоит", ҳәа аҳәоит адашшыларатә шәҟәы аҟны.

Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны иҟаз Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Андреи Карлов иехсын Анкара ақалақь аҟны, ашәахьа ахәылбыҽха. Аамҭақәак рышьҭахь Карлов иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Ажәабжьқәа зегьы
0