Ушьангьи Кәыҵниа: ацитрусқәа рҽаҩра бзиан, аха рыҭира уадаҩхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ушьангьи Кәыҵниа
Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ушьангьи Кәыҵниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҵыԥхтәи ашықәс иадкыланы иугозар сынтәа амандаринақәа рекспорт акыр икаҳаит, иҳәеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ушьангьи Кәыҵниа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Ҵыԥхтәи ашықәс иадкыланы иугозар сынтәа амандаринақәа рекспорт акыр икаҳаит, рыҭиразы апроблемақәа цәырҵит иҳәеит Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиан.

"Сгәы иаанагоит амандарина ҽаҩра аплантә рбагақәа ирықәшәап ҳәа. Аҵаақәа заанаҵы рцәырҵра ацитрус шәырқәа рҭагалара аамҭа инахеит. Анхамҩақәеи анхацәеи ианаамҭаз аҽаҩра рызҭамгалеит", — иҳәеит Миносиан.

Иара убри аан аминистр ихаҭыԥуаҩ иҳәоит ишырацәоу астандарт иақәшәо иҟоу ашәыр. Урҭ раахәара рацәак уаҩ дазҿлымҳам.

Абри атәы далацәажәеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ушьангьи Кәыҵниагьы. Иара сынтәатәи ашықәси ҵыԥхтәи ашықәси еиҿырԥшуа иҳәеит атәыла иалган игоу аалыҵ сынтәа ҩынтә рыла ишеиҵоу.

"Иахьатәи амш азы атәыла иалган игоуп 8770 тонна амандарина. Ҵыԥх, абри аамҭазы – 16 390 тонна рҭихьан", — иҳәеит Кәыҵниа.

Аҳазалхҩы иажәақәа рыла амандаринақәа аҭыԥ аҟны рыхәԥса иартәоит 35 мааҭ.

Sputnik аинтервиу анеиҭоз Ушьангьи Кәыҵниа ахҳәаа азиуит Аминистрцәа Реилазаараҟны ирыдыркылаз ақәҵара: "Амандаринақәа ралагалара аркьаҿразы ауснагӡатәқәа рзы". Иара иазгәеиҭеит ари ақәҵара аҭыԥантәи аарыхыҩцәа рзы ишхәарҭоу.

Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ушьангьи Кәыҵниеи Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиани Sputnik Аԥсны иарҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ иҳәеит Ҭырқәтәылантәи амандарина аагара урыстәылатәи Аҳазалхратә ҭыԥ аҟны ауадаҩрақәа шцәырнагоз, ахылаԥшра еиҳа ишырӷәӷәахоз, иааидкыланы усеиԥштәи аҭагылазаашьа ишаруадаҩуаз Аԥснытәи ацитрустә шәырқәа ареспублика иалганы рыҭира.

Ажәабжьқәа зегьы
0