Амиграциатә кризис реиҳа изгәамԥхо иреиуоуп италиаа

© AFP 2023 / TOBIAS SCHWARZАмиграциатә кризис реиҳа изгәамԥхо иреиуоуп италиаа
Амиграциатә кризис реиҳа изгәамԥхо иреиуоуп италиаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Европеи Америкеи руааԥсыра амигрантцәа ишырзыҟоу аилкаара нап аланакит ауаажәларратә гәаанагарақәа ҭызҵаауа, франциатәи аилахәыра IFop.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 — Sputnik. Ауаажәларратә гәаанагарақәа ҭызҵаауа, франциатәи аилахәыра IFop адыррақәа рыла амиграциатә кризис реиҳа агәҭынчымра знаҭо ракәны иҟоуп италиаа. Аҭҵаарақәа мҩаԥган быжь-тәылак рҟны, быжьнызқьҩык ауааԥсыра рыбжьара.

Аилахәыра IFop аҭҵаарақәа мҩаԥнагон Франциа, Германиа, Польша, Италиа, Испаниа, Британиа Ду, Еиду Америкатәи аштатқәа рҟны.

Зегьы еицырзеиԥшны ирырҭон азҵаара: "Аҵыхәтәантәи ашықәс азы амигрантцәа рҭагылазаашьа аҽеиҭанакыма?" ҳәа.

Аихшьаалақәа рыла изызҵаауаз реиҳараҩык "аҭагылазаашьа еиҳа иуадаҩхеит" ҳәа азырҳәеит.

Амиграциатә кризис реиҳа изгәамԥхо ракәны иҟоуп италиаа (79 процент), реизҳа изгәаԥхо ракәны иҟоуп польшаа (35 процент).

Аиҳарак амиграциатә политика ргәаԥхом 35 шықәса ирҭысхьоу ауааԥсыра. Аиҳаракгьы Франциа атәылауаа рыбжьара. Польша акәзар, аҭагылазаашьа еиҳарак изгәамԥхо аҿар роуп.

Германиа инхо рыбжьара аҭагылазаашьа згәамԥхо реиҳараҩык апровинциақәа рҟны инхо роуп.. еиду Америкатәи аштатқәа рҟны амиграциатә политика ргәаԥхом еиҳарак ареспубликанеццәа (58 процент). Британиа Ду аҿы — апротестантцәа (67%).

Ажәабжьқәа зегьы
0