00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
31 мин
08:30
31 мин
13:00
31 мин
13:30
31 мин
Исторический ликбез
14:04
22 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны анапхгара Семион Григориев идашшылеит

© Sputnik Бадри ЕсиаваАԥсны анапхгара Семион Григориев идашшылеит
Аԥсны анапхгара Семион Григориев идашшылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Андреи Карлов иԥсҭазаара далҵит ашәахьа, Анкара ақалақь аҟны, иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟалаз ахҭыс терактуп ҳәа азырҳәеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа, Аԥыза-министр Беслан Барцыц аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев идашшылеит Анкара ақалақь аҟны аҭыԥ змаз атеррористтә акт инадҳәаланы.

"Аԥсны анапхгара рыхьӡала Урыстәылатәи афедерациа ажәлари анапхгареи ҳрыдашшылоит. Шықәсқәак раԥхьа ҳаргьы иаҳхаагеит абри аҩыза аҭагылазаашьа, Аԥсны иҟаз Урыстәыла авице-консул ишьраан. Ари арыцҳара аиааира зылшо иӷәӷәоу аҳәынҭқарроуп", — иҳәеит Габниа.

Семион Григориев, Андреи иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы иҟаҵаз адышшылара ҭабуп ҳәа ахиҳәааит. Иҳәеит раԥхьатәи асааҭқәа инадыркны Ацҳаражәҳәарҭахь адышшыларақәа шынарышьҭуа Аԥсны иқәынхо ауаажәлар. Иара убасгьы иазгәеиҭеит Андреи Карлов Аԥсназы гәыкала дшыҟаз.

"Имаӡам Андреи Г еннади-иԥа еицырдыруаз ипломатны дшыҟаз. Иара даара Аԥсны гәыкала дазыҟан, дадҳәалан. Илшоз зегь ҟаиҵон аконсултә департамент анапхгара аназиуаз ареспублика ауаажәлар апаспортқәа рыҭара арманшәаларазы, Шьамтәылатәи арепатриантцәа рганахьала акәзаргьы аџьабаа ибахьан", — иҳәеит Григориев.

Семен Григориев иҳәеит агәрагара шимоу ацәгьа зуз иахәҭоу ишақәшәо азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0