Амҩатә машәыр аҿагыларазы акциа мҩаԥысит Гагра

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАмҩатә машәыр аҿагыларазы акциа мҩаԥысит Гагра
Амҩатә машәыр аҿагыларазы акциа мҩаԥысит Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҩатә машәыр аҿагыларазы акциа мҩаԥыргеит аҳәынҭавтоинспекциа Гагратәи аҟәша аусзуҩцәа ашколхәыҷқәа алархәны.

ГАГРА, ԥхынҷкәын 23 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аҳәынҭавтоинспекциа Гагратәи аҟәша, аҭелтә еимадара Аҟәафон адгыларала, гәыԥҩык ашколхәыҷқәа алархәны имҩаԥыргеит амҩатә машәыр аҿагылара аҭаразы акциа.

Аԥсны раионцԥхьаӡа изныкымкәа еиҿыркаахьоу акциа, ҷыдала хшыҩзышьҭра арҭоит Гаграа. Аҳәынавтоинспекциа Гагратәи аҟәша аусзуҩцәа, амҩатә машәыр аҿагылара аҭаразы имҩаԥырго аусмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәоит ашколхәыҷқәеи аҿар рхеилак "Аԥсҭазаареи".

Иахьа, Гагра ақалақь амҩа хада азхәҭак аҟны, аҳәынҭавтоинспекица Гагратәи аҟәша аусзуҩцәеи ашколохәыҷқәеи амашьынаныҟәцыҩцәа ирзыршеит, ааԥхьара.

Уаҟа иарбан, ирццакны амашьына арныҟәара шаҭахым, арыжәтә џьбара ыжәны аԥсҟы рымкырц, иара убас ашәарҭадаратә маҟа ныҟәыргаларц.

"Амҩатә машәыр аԥырҟәҟәара азеиԥш усеицурала иалыршатәуп. Ас еиԥш иҟоу акциақәа, Гагра арион аҟны лассы-лассы имҩаԥаагоит. Амашьынаныҟәцыҩцәа аҳәара шәысҭоит, шәхы шәыхьчарц" — иҳәеит аҳәынҭавтоинспекциа Гагратәи аҟәша аиҳабы Ҳаџьараҭ Бганба.

Амҩатә машәыр аҿагылара аҭаразы имҩаԥгаз акциа ҭакԥхықәрала иазнеит ахәыҷқәагьы.

"Ҳара иаҳҭахуп, амашьына аԥсҟы зку зегьы, амҩатә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц. Дара рхатә ԥсҭазаара анаҩс рнапы иануп ирзааигәоу рынасыԥгьы", — ҳәа азгәарҭеит акциа иалахәыз ашколхәыҷқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0