Афинанстә кризис, Ҭырқәтәылатәи аԥсшьарҭақәа рахь амҩа аартра уҳәа роуп сынтәа Аԥсныҟа атуристцәа маҷны раара зыдҳәалоу ҳәа иазырыԥхьаӡоит атуроператорцәа.
Sputnik, Владимир Бегунов.
"Ҳтурқәа зегь рҟынтәи Аԥсны 95% процент ааннакылоит, — лҳәеит афирма "7-тур" адиректор Елена Добровольскаиа. — Сынтәа уаанӡа еиԥшымкәа Аԥсныҟа атуристцәа маҷуп. Ари зеиԥш ҭагылазаашьоуп – акризис зегьы ирԥырхагоуп".
Аԥснытәи аԥсшьара еиҳа ахәԥсала ишмаҷугьы аҭагылазаашьа азҭышәынмартәалеит.
"Аԥсны Ҭырқәтәыла аасҭа ахәԥсала имариоуп. Иҟоуп уахыки-ҽнаки 500 мааҭ иахьаԥсоу асасааирҭақәа. Уажәазы уахь аномерқәа иаҳҭихьоу 80% инаӡоит, аха уаанӡатәи ашықәсқәа ирыдкылан уахәаԥшуазар уи аҭагылазаашьа азырманшәалом", — лҳәеит Добровольскаиа.
Афирма "7-тур" адиректор лажәақәа рыла Аԥсныҟа аара мариахеит авиареисқәа ахьеиҳартәыз азы.
"Иахьазы Адлертәи аеропорт иаҭаауеит мышкала ҩеижәа рҟынӡа реис. Ԥхынҷкәын 31 аухагьы абилеҭ аахәан уаар ҟалоит", — лҳәеит лара.
Апутиовкақәа рыҭира аамҭақәа иреиӷьны иԥхьаӡоуп 2015-2016 шықәсқәа.
"Сынтәа апутиовкақәа иаҳҭииз ҩынтә рыла еиҵоуп", — лҳәеит атуроператор "Дельфин" амениџьер Анастасиа Апатикова.
"Ирацәаҩуп ашықәс ҿыц азы Москваҟа ицо, мамзаргьы ашьхаратә курортқәа рахь ицо", — лҳәоит Анастасиа Апатикова.
Аԥхынтәи атурқәа Аԥсназы иҭышәынтәалоуп, макьаназы ауадаҩрақәа зцу аӡынтәи атурқәа роуп.