Саӡԥҳа: "Сара сашәа" ахықәкы хада ашәа хаала аԥсуа бызшәа аӡыргара ауп

© Sputnik / Томас ТхайцукСусана Садзба.
Сусана Садзба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа радио амузыкатә проект "Сара сашәа" аихшьаалатә концерт мҩаԥысуеит Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы аҩаша, ԥхынҷкәын 27 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23– Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсуа радио амузыкатә проект "Сара сашәа" ахықәкы хада ашәа хаала аԥсуа бызшәа аӡыргара ауп, абри атәы лҳәеит апроект "Сара сашәа" автор, Аԥсуа радио аиҳабы Сусана Саӡԥҳа.

"Хықәкыс иҳамоу ари апроект аҟны, раԥхьаӡа иргыланы ҳхатәы бызшәа аӡыргара, ашьҭыхра ауп. Иахьа, аԥсуа бызшәа азҵаара ауадаҩра иҭагылоуп. Шьоукы ирҳәоит ҳбызшәа ыӡӡом ҳәа, ииашоуп имыӡыр ҟалоит ҳбызшәала ҳцәажәар, ҳаҩҩлар, ҳаԥхьалар. Ҳбызшәа ҳлымҳа иҭыҩуазар ауп, убри азы ари апроект аус бзиа наныгӡоит ҳәа сгәы иаанагоит", — ҳәа лҳәеит апроект автор Сусана Саӡԥҳа.

Аԥсуа радио аиҳабы иазгәалҭеит ари апроект раԥхьаӡа акәны ишцәырҵыз 2013 шықәсазы. Убри ашықәс инаркны, дара ирыӡбеит ашәақәа аԥсышәала ажәлар рызнагара, аԥсуа ашәақәа аизҳара рымазарц азы.

Аԥсуа радио аусура - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа радио 83 шықәса ахыҵит

"Аидеиа сызцәырҵит, арадио ахадас саныҟала ашьҭахь. Акырӡа сазхәыцуан еиҳа излеиӷьаҳтәыша аԥсуа радио, еиҳа иреиӷьу шьаҿақәак рыҟаҵара, убри аҟынтәи сазхәыцны еиҿыскааит амузыкатә проект "Сара сашәа" аԥҵара. Раԥхьа сызлалагаз уи ауп, аиааира амш цәыбрра 30 аламҭалаз еизызгеит аибашьра ашықәсқәа ирылиааз ашәақәа жәаба, Сентиабр мза амацара имҩапаҳгоит ҳәа ихҭакны иҳаман, иалҵуа ҳбап ҳәа. Абри амз иалагӡаны иаҳбеит арадио азыӡырҩцәа азҿлымҳара шаадырԥшыз, ашықәс ҿыц аламҭалаз еиҭа сазхәыцны апроект хацсыркит. Анаҩс, амузыкатә проект аиҿкааразы ахаҵгылара сырҭеит амобилтә еимадара "Аҟәафон", — ҳәа ацылҵеит уи.

Апроект аԥҟарақәа рыла, азыӡырҩцәа иргәаԥхаз ашәазы рыбжьы рҭиуеит есымза ател аҟынтәи инарышьҭуа асмс ала. Еиҳа ирацәаны абжьқәа зауа, апроек иаиааиуеит.

"Ашықәса аҩнуҵҟа амузыкатә проект "Сара сашәа" атематика ҩынтә аҽаԥсахуеит, аиааира амш ази, ашықәс ҿыц аламҭалази. Егьырахь апроект иагәылоуп аԥсуа естрадатә шәақәа зегьы, ҿыц ииз ашәақәа роума. Ихаау, иԥшӡоу ашәақәа алԥшаара ҳазҿлымҳауп. Иҳаҩсыз ашықәс егьырҭи еиҿҳарԥшуазар иуҳәар ауеит, ирацәамзаргьы ашәа ҿыцқәа иит ҳәа. Сгәы иаанагоит ари апроект ашәаҳәаҩцәеи, акомпозторцәеи астимул бзиа рнаҭоит. Иазгәасҭарц сҭахуп ибзианы ишрыдыркыло иалаху артистцәагьы", — иазгәалҭеит апроект автор.

Аԥсуа радио амузыкатә проект "Сара сашәа" хацыркын 2013 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0