Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы дәықәнаҵеит

© Foto / предоставлено МИД РААԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы дәықәнаҵеит
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы дәықәнаҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҽыша, ԥхынҷкәын 25 рзы иҭахаз аҳаирплан аекипаж рыдагьы иҭан Александров ихьӡ зху ашәаҳәареи акәашареи рансамбль артистцәеи урыстәылатәи ажурналистцәеи.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 — Sputnik. Аҳаирплан Ту-154 аҭахара инадҳәаланы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы дәықәнаҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәарҭа ашҟа.

"Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны гәалсра дула ирыдыркылеит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра иатәыз аҳаирплан Ту-154 аҭахара, аҳаирплан аекипажи, Александров ихьӡ зху ашәаҳәареи акәашареи рансамбль артистцәеи, урыстәылатәи ажурналистцәеи, агәыҳалалратә фонд "Справедливая помощь" адиректор Елизавета Глинка, рыԥсҭбара", ҳәа аҳәоит ашәҟәаҟны.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив рыхьӡала ирыдашшылеит иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи.

Ашьыжь иҩаҵԥрааз аҳаирплан, аԥырра аа-минуҭк рышьҭахь, асааҭ 5.40 мск рзы арадарақәа рҟынтәи ибжьаӡит. Ту-154 апассаџьырцәа дреиуан агәыҳалалратә фонд "Справедливая помощь" адиректор Елизавета Глинка, (аҳақьым Лиза), иара убасгьы Александров ихьӡ зху ашәаҳәареи акәашареи рансамбль алахәылацәеи урыстәылатәи ажурналистцәеи.

Аҳаирплан ахы хан Шьамтәыла иҟоу арратә база Хмеимим ахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0