Sputnik, Амра Амҷԥҳа
Аԥсны иахьаҵанакуа аԥсаӡқәеи аԥсагәқәеи ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы рыԥҟара аанкылоуп Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара 2016 шықәса ԥхынҷкәын 12 рзы иаднакылаз Ақәҵара инақәыршәаны. Иара убасгьы азин ыҟам Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи зыԥсы ҭоу аԥсагә дацда иҟаны аагара. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
Ҷыҭанаа иажәақәа рыла аԥсаӡқәа уаанӡагьы рхархәара маҷын, избанзар дара ауаҩ инеира ахьыуадаҩу ашьхаҭыԥқәа рҟны иазҳауеит. Убри инадҳәаланы аԥсқьарцәа еиҳа ирзымариан аԥсагәқәа рыԥҟара.
Аԥсагә Ашәҟәы ҟаԥшь ишанымгьы аҳәынҭқарра зыхьчара мҩаԥнаго ҵлажәлоуп.
"Убри азы атәылахь иаарго аҵлақәа рыбжьарагьы иҟамзароуп иԥҟоу аԥсагәҵла. Партиақәак ааргар, нас аҭыԥантәи аԥсқьарцәа аратәи аԥсагәқәа ԥҟаны, наҟынтәи иааргазшәа рыҭира иалагоит. Убри азы Аминистрцәа Реилазаара иԥҟоу аԥсагәгьы Аԥсныҟа аагара мап зацәнакыз", — иҳәеит Ҷыҭанаа.
Абарҭқәа зегь рышьҭахь, аԥсуа наплакыҩцәа Аԥсныҟа аныҳәамшқәа рзы иаагреит Пермсктәи апитомник аҟны ирааӡаз аԥсаӡқәа. Ахра захьӡу анаплакҩы иҳәоит 1 000 рҟынӡа ԥсаӡ шааигаз, аха аахәаҩцәа макьаназы ишырацәам. Ахәԥсақәа 500 мааҭ инаркны 2 000 мааҭ рҟынӡа итәоит. Иара убри аан анаплакҩы иҳәоит иԥсабаратәым аԥсаӡқәа еиҳагьы бзиа ибаны иаархәоит ҳәа.
Иԥсабаратәым аԥсаӡқәа ракәзар рыхәԥса акыр еиҳауп зыԥсы ҭоу аԥсаӡқәа рыхә аасҭа: 350 мааҭ инаркны 10 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Иҟоуп 16 000 мааҭ иркуагьы.
"Аааигәа исымрыхәхәааит х-метрак зоураз асиликон иалху аԥсаӡ, 20 000 мааҭ ҳәа. Асиликон иалху аԥсаӡқәа еиҳа иԥшӡоуп, иҟәымшәышәуп, ашықәс рацәаны инырҵуеит", — лҳәеит анаплакҩы Алена.
Ииасыз ашықәс азы шамахамзар зыԥсы ҭоу аԥсаӡқәа ыҟамызт азы, лтауар зегьы лҭиит.
"Аиҳарак иаархәо ашәара 220 сантиметра иеиҳамзароуп, избанзар шамахамзар ҳаҭуанқәа лаҟәуп", — лҳәоит аҭиҩы Рузанна.
Рузанна лажәақәа рыла лхәыҷқәа иԥсабаратәым аԥсаӡ еиҳа еилаҳаны идырхиоит.
"Иара еиҳа иԥшӡоуп, архиарагьы агәахәара унаҭоит", — лҳәоит лара.
Иԥсабаратәым аԥсаӡ бзиа изымбои зыԥсы ҭоу аԥсаӡ аԥҟара иақәшаҳаҭми рзы ирҭиуеит зыҭраҿы изызҳаз аԥсаӡқәа.