АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аоркестр хәарҭа духоит Аԥсны акультура аизырҳараҿы ҳәа ахылҳәааит Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа роркестр аԥҵара Аҟәатәи аҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭа адиректор Сира Аҩӡыԥҳа.
"Уажәшьҭа иуҳәар алшоит аԥсуа милаҭтә инструментқәа ҳцәыӡрым ҳәа. Оҭар Хәынцариеи сареи ари аидеиа ҳазцәырҵижьҭеи акрааҵуан, избанзар асеиԥш иҟоу аус зыда ԥсыхәа ыҟам акакәны иҟоуп", — лҳәеит Сира Аҩӡыԥҳа.
Иаԥҵоу аоркестр ихьӡ ахҵоуп акыршықәсқәа амилаҭ инструментқәа реиқәырхара, рыхьчара аус ҩ-напыкла изкыз ауаҩԥсы.
"Оҭар Хәынцариа илшоз зегь ҟаиҵеит иаҳцәыӡхьеит ҳәа иаҳаԥхьаӡоз амилаҭ музыкатә инструментқәа: аҿарпын, аԥхьарца, абыкь, амырзакан уҳәа егьырҭгьы иҿыцӡа рыбжьы ҳалаҩырц, иҳаҳарц. Аҟәатәи аҵараиурҭа арҵаҩыс иҟазаараан Оҭар иаԥиҵеит жәлар ринструментқәа роркестр. Иара убри ашьаҭалоуп иахьатәи аоркестргьы шаԥҵоу", ҳәа азгәалҭеит Сира Аҩӡыԥҳа.
Оҭар Хәынцариа иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь аоркестр напхгара аиҭо далагеит Денис Арухаа.