2017 шықәсазтәи Аԥсны абиуџьет рыдкылоуп

© Sputnik Бадри Есиава2017 шықәсазтәи Аԥсны абиуџьет рыдкылоуп
2017 шықәсазтәи Аԥсны абиуџьет рыдкылоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәара мҩаԥысит 2016 шықәса ԥхынҷкәын 29 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аҳәынҭқарра 2017 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет азы азакәан апроект рыдыркылеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәараҟны. Аилатәара мҩаԥысит 2016 шықәса ԥхынҷкәын 29 рзы.

Аԥсны Афинансқәа рминистр Дмитри Сериков иажәақәа рыла аҳәынҭбиуџьет ашьақәыргылараан иазыԥхьагәаҭан Аминистрцәа Реилазаареи Аекономика аминистрреи аус здырулаз амакроекономикатә хышәа-ҵышәақәа азыԥхьагәаҭан.

"2017шықәсазтәи абиуџьет аҟны иазыԥхьагәаҭоуп ааглыхра ахышәа-ҵышәа 6,5 % рыла аизҳара. Иара иартәароуп 88, 8 миллиард мааҭ. Аимпорт еиҵахоит 9% рҟынӡа, аекспорт акәзар еиҳахароуп 67%" рыла", — иҳәеит Сериков.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит 2017 шықәса рзы аекономикаҿы ахашәала 30% рыла еизҳап ҳәа, уи иартәароуп 4 миллиардки 400 миллион мааҭ. Аҳәынҭқарратә сектор иаҵанакуа рулафахәы 6, 3 % иазҳароуп ҳәа иԥхьаӡоуп. 2017 шықәса рзы аҳәынҭқарратә биуџьет ахь алагалақәа идыртәароуп 10 миллиардки 158 миллионо мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0