00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Актуальный комментарий
14:45
15 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
Маршруты Абхазии»: в Крыму проходит туристический форум
18:49
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ашықәс ҿыц ауха ҳтәылауаа зеигәырӷьаша акыр рзыԥшуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсаӡ хада
Аԥсаӡ хада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik амедиа-центр аҟны имҩаԥысит Аҟәа ақалақь акультура аусбарҭа аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Ҭимур Кәакәасқьыри ашәаҳәаҩ Артур Лакрбеи рпресс-конференциа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Апресс-конференциаҟны Аҟәа ақалақь акультура аусбарҭа аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Ҭимур Кәакәасқьыр иҳәеит ашықәс ҿыц ауха ақалақьуаа атәыла аԥсаӡ хада аҿаԥхьа аџьашьахәрақәа акыр рзыԥшуп ҳәа. Иара ҳәарада иааимыртит амаӡа хадақәа.

"2017 шықәсазтәи ашықәс ҿыц акраамҭа иухамшҭуа иҟалоит" — иҳәеит иара иааркьаҿны.

Кәакәасқьыр иажәақәа рыла ҵыԥхтәи ашықәс ҿыц ауха аԥсаӡ хадахь иааиит х-нызқьҩык рҟынӡа ақалақь ауааԥсыра. Иҳәеит сынтәа еиҳагьы ауаа рацәахап ҳәа ишгәыӷуа.

"Аныҳәатә программа хацыркхоит асааҭ 13.00 рзы, атеатртә қәгыларала. Зегь бзиа еицырбо ҳашәаҳәаҩцәа Хьыбла Мықәԥҳа, Автандил Конџьариа, Мана, Саида Габниаԥҳа, Џьимми Шәманиа, Артур Лакрба инарыгӡараны иҟоуп рашәақәа. Урҭ реиҳарак аныҳәа иазкны ҿыц иҩуп. Акәашаратә шоу-гәыԥ "Амца" инанагӡоит амилаҭ кәашарақәа. Ҳара еснагь амилаҭ ҟазара еиҳа аԥыжәара аҳҭоит", — иҳәоит Кәакәасқьыр.

Ԥхынҷкәын 25 раахыс аԥсаӡ амҵан имҩаԥыргоит еиуеиԥшым ақәгыларақәа. Ԥхынҷкәын 29 рзы иқәгылоит аестрадатә театр "Каданс". Ашықәсҿыцазтәи апрограмма мҩаԥыргоит ԥшьҩык. Аԥсаӡ аҿаԥхьа иргылахоит аподиум ҷыда.

Изҭаху зегьы ирылшоит уахь ихаланы еизаз ашықәс ҿыц рыдырныҳәаларц, ашәа рҳәарц. Кәакәасқьыр иазгәеиҭеит уаанӡа ишрыларҳәахьоу еиԥш ашықәс ҿыц ауха атроллеибусқәа иаашаанӡа ишныҟәало. Иара иҳәеит амш зеиԥшрахазаалакгьы аконцерт мҩаԥысуеит ҳәа.

"Ҳара амш цәгьахап ҳәа ҳақәгәыӷуам. Аныҳәа уаназыԥшу, уи аамҭа аԥсахра уцәаныррақәа арԥсыҽуеит. Сгәы иаанагоит ақәеи аси аӡәгьы дааныркыларым ҳәа", — иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0