Бадри Есиава, Sputnik
Дыҟам шәарыцаҩык забџьар алацәажәара, ахыҽхәара бзиа изымбо. Алиас иакәзар, уажә ааигәанӡа шәарыцара ҳәа иныҟәигоз иабду иҭынхаз, ажәытә шәақь ИЖ акәын.
"Сара уи ашәақь даара пату ақәысҵоит. Иҭынхоуп. Уи адагьы иласуп, иманшәалоуп. Уажәы ааигәа ҳамҭас исырҭеит ашәақь ҿыц "Стойгер Де люкс 2000". Уажәы уи ҭазҩыр сҭахуп", — иҳәоит Алиас.
"Стойгер Де люкс 2000" Алиас ҳамҭан ииҭеит иҩыза. Ашәақь ахархәаразы РОВД аҟны иҭаҩтәуп, амазаара азакәан шьаҭала еиҿкаатәуп. Алиас ишиҳәо ала, убри азы раԥхьа иргыланы иаҭаху ашәарыцараз абилеҭ амазаароуп. Иара Аԥсны ашәарыцаҩцәеи аԥсыӡкцәеи Рхеилак аҟны ирырҭоит.
"Ашәарыцаразы абилеҭ шықәсқәак раԥхьа исоуит. Иара анаркои-апсиходиспансери рҟынтәи ашәҟәы ааугароуп уа аучот ушҭаҩым дырдырразы, аԥсуа паспорт ахкьыԥхьаа аҭахуп, урҭ ирыцзароуп афотосахьақәа ҩба. Ашәақь аҭаҩразы ашәҟәы уахьҭагалоу аҭыԥ аҟны алицензиа-зинтә ҟәшахьы унеироуп. Сара Очамчыратәи РОВД ахь саҵанакуеит", — иҳәеит Алиас.
Очамчыра ҳахьнеиз, абџьар аҭаҩраз аҟәша аиҳабы еилкаам мзызқәак рыла ажурналист иҟны мап ацәикит абџьар аҭаҩшьа апроцедура арзара.
Инарҭбаау аинформациа аиуразы ҳара ҳнеиит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра алицензиа-зинтә ҟәшахьы. Уаҟа инарҭбааны иаҳзеиҭарҳәеит уабџьар ашәҟәы аҭагаларазы узхысраны иҟоу аетапқәа зегьы ртәы.
Апроцедура уадаҩрак алоуп ҳәа узҳәом. Уаанӡа иара атәык удыруазар, аҭаҩра ахаҭа сааҭқәак роуп иаҭаху.
"Раԥхьа иргыланы згәыцә еизадоу ашәақь акәзар ашәҟәы иҭоугалоу – арзаҳал уҩуеит абри аҟәша анапхгаҩы ихьӡала, арӷаз зну агәыцәшәақь акәзар, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихьӡала арзаҳал уҩуеит. Адокументқәа анрыдыркылалак ашьҭахь акомиссиа ҷыда рыхәаԥшуеит. Урҭ рақәшаҳаҭхара ашьҭахь ашәақь амазаара азин урҭоит", — ҳәа ҳзеиҭарҳәеит алицензиа-зинтә ҟәшаҟны.
Ашәақь аахәара ашьҭахь, аахәаҩ дахьҭаҩу аҭыԥ аҟны имоуп азин иабџьар ашәҟәы аҭагаларазы. Аха уи азы иҟоуп аԥынгыла – иара иқәра наӡазароуп. Уи адагьы иҟоуп аԥҟаррақәа абџьар аныҟәгара, аҵәахышьа уҳәа ирызку.
Иҟоу аԥҟаррақәа рганахьала Алиас Нанба имоуп ихатә гәаанагарақәа.
"Сара иазысыԥхьаӡоит дарбанызаалак аԥсуа хаҵа иҩны абџьар ыҟазароуп ҳәа. Уи ҳжәытә қьабызқәа ирықәшәоит. Уи адагьы аҭоурых ишаҳнарбо еиԥш Аԥсадгьыли аҭаацәеи рыхьчараз еснагь ухиазароуп", — иҳәоит Нанба.
Иара убри аан абџьар аныҟәгара азин змоу измам ҳәа ишьақәыргылоу аԥҟарра иқәныҟәалатәуп иҳәоит иара.
"Уи адагьы ашәҟәы зуҭо ауаҩы дсыуоуп, дыздыруеит ҳәа акәымкәа азакәан инақәыршәаны иуҭалароуп", ҳәа азгәеиҭоит Нанба.