00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Мадуро: Венесуела аҳәынҭқарратә еиҿкаара аԥсахра аҽазышәан

© Sputnik / Дмитрий Знаменский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКаракас. Архивтә фото
Каракас. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1999 шықәсазтәи Венесуела Аконституциа инақәыршәаны атәыла ахада иганахь ала аимпичмент апроцесс амҩаԥысра ҟалом.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik. Николас Мадуро аҳәамҭа ҟаиҵеит аоппозициатә Парламент гәҭакны ишамаз аҳәынҭқарратә еиҿкаара аԥсахра.

"Атәыла Ахада иаҳасабала аҳәара ҟасҵоит, атәыла Аконституциа аилагара хырыҩ азырымурц", — иҳәеит Мадуро аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аефир аҟны.

106-ҩык адепутатцәа рыбжьы ззырҭииз Апарламент аӡбра ашьҭахь атәыла Аӡбырҭа хада аҳәамҭа ҟанаҵеит Амилаҭтә ассамблеиа атәыла Ахада иҭыԥ иахыгараз азинмчра аманы иҟам ҳәа.

"Аконституциа ахәҭаҷ 336 ишаҳәо алеи аус зуа азакәанԥҵара инарықәыршәани адепутатцәа ирыдҵан дара рконституциатә зинмчра аҳәаақәа ирҭысуа иарбанызаалак актк адкылара апроцесс мап ацәыркырц", ҳәа аҳәоит Аӡбарҭа аҳәамҭаҟны.

Венесуела Апрезидент Мадуро иқәгаразы Апарламент иҟанаҵаз аҽазышәарақәа лыҵшәадахеит, избанзар 1999 шықәсазтәи Венесуела Аконституциа инақәыршәаны атәыла ахада иганахь ала аимпичмент апроцесс амҩаԥгара азин ыҟам. Аха иара убри аан Аконституциа ахәҭаҷқәа 222, 232 иазыԥхьагәарҭоит анагӡаратә мчра Апарламент аганахь ала иаиур зылшо ахылаԥшра аформақәа.

Хаҭала, аҳәынҭқарратә усзуҩы "иполитикатә ҭакԥхықәра" алацәажәара, атәыла ахада иԥсраан "иҟамзаара" алаҳәара мамзаргьы "имаҵура аанижьит" ҳәа алаҳәара.

Венесуелатәи акризис уадаҩхеит шықәсык аԥхьа аоппозициатә Парламент аусура ианалага ашьҭахь. Уажәтәи аамҭазы азакәанԥҵаратәии анагӡаратәии мчрақәа рыбжьара иарбанызаалак усуратә еиныррак ыҟан иҟам.

Апрезидент Мадуро уаанӡа алаҳәара ҟаиҵахьан аоппозициа "апарламент амчра анапахь аагара аҽазнашәеит" ҳәа, Апарламент акәзар — атәыла ахада атәыла Аконституциа еилеигоит ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵахьан.

Ажәабжьқәа зегьы
0