Аҟәа, аррамаҵзурауаа Нерсесиани Удальцови ргәаладыршәон

© Sputnik / Роберт ДжопуаАндреи Удальцови Едуард Нерсисиани ргәалашәаратә митинг мҩаԥысит
Андреи Удальцови Едуард Нерсисиани ргәалашәаратә митинг мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аԥшыхәратә ҟәша аусзуҩ Андреи Удальцови Аԥсны иҟоу Атеррористтәҿагыларатә центр аррамаҵзурауаҩ Едуард Нерсисиани ҭахеит 2015 шықәса ажьырныҳәа 12 рзы Гал араион Риап ақыҭаҟны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥшьаша, ажьырныҳәа 12 рзы Аҟәа, Аԥшыхәцәа раллеиаҟны имҩаԥысит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аԥшыхәратә ҟәша аусзуҩ Андреи Удальцови Аԥсны иҟоу Атерроризм аҿагыларатә центр аррамаҵзурауаҩ Едуард Нерсисиани ргәалашәаратә митинг. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аԥшыхәратә ҟәша аусзуҩ Андреи Удальцови Аԥсны иҟоу Атерроризм аҿагыларатә центр аррамаҵзурауаҩ Едуард Нерсисиани ҭахеит 2015 шықәса ажьырныҳәа 12 рзы Гал араион Риап ақыҭаҟны.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аԥшыхәратә ҟәша аусзуҩ Николаи Чубаренко амитинг аҟны дықәгыло иҳәеит:

"Иахьа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит ҳҩызцәа иашақәа. Урҭ рпрофессионалтә уалԥшьа анагӡара рыԥсҭазаара ахҭнырҵеит. Аха урҭ баша иҭамхеит. Иахьа ҳара иаабоит зых иақәиҭу, ихьыԥшыму ареспублика аҿиара амҩа ишану" ҳәа.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҳәаахьчаратә арратә хәҭа аусзуҩ Андреи Удальцови, иара убас Атерроризм аҿагылара ацентр аҿы зуалԥшьа назыгӡоз Едуард Нерсесиани ҭахеит ажьырныҳәа 12, Гал араион Риаԥ ақыҭан араионтә аҩныцҟатә усқәа рзы ахәҭа аусзуҩцәеи дареи еицымҩаԥыргоз аусмҩаԥгатә ааны.

© Sputnik Роберт ДжопуаМемориал погибшим сотруднику пограничного управления ФСБ России в Абхазии Андрею Удальцову и военнослужащему Антитеррористического центра Абхазии Эдуарду Нерсесян в Сухуме
Мемориал погибшим сотруднику пограничного управления ФСБ России в Абхазии Андрею Удальцову и военнослужащему Антитеррористического центра  Абхазии Эдуарду Нерсесян в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Мемориал погибшим сотруднику пограничного управления ФСБ России в Абхазии Андрею Удальцову и военнослужащему Антитеррористического центра Абхазии Эдуарду Нерсесян в Сухуме

Аԥсны Ахада идҵала аподполковник Едуард Нерсесиан иԥсрашьҭахь ианашьоуп Леон иорден, Андреи Удальцов ианашьоуп Ахаҵараз амедал. Урыстәыла Афедерациа ахада идҵала иуалԥшьа анынаигӡоз, иааирԥшыз ахаҵареи агәымшәареи рзы апрапоршьик еиҳабы Андреи Удальцов иԥсрашьҭахь ианашьоуп Ахаҵараз аорден.

Амемориалтә ӷәы амҵаҿы ишьҭаҵан агәалашәаратә шәҭшьыҵәрақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0