00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
13 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Сергеи Лаврови Олег Барцыц реиԥылара: аполитолог ихҳәаа
13:20
5 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Маркәылатәи ажәытә еиланхарҭаҿы амузеи еиҿкаахоит
13:25
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Аҵарашықәс аихшьаалақәа: акультуратә ҵараиурҭеи Аҟәа араион ашколқәеи русура
13:45
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Актуальный комментарий
Археологические раскопки в селе Маркула
14:28
18 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Изырҵәахи ауахәамақәа рартефактқәа ирылхыз аҭӡы амузеи аҿы

© Фото : Наталья Миловановаирбгаз ауахәамақәа рартефактқәа ирылхыз аҭӡы еимыхны амузеи ахь инаганы ирҵәахит
ирбгаз ауахәамақәа рартефактқәа ирылхыз аҭӡы еимыхны амузеи ахь инаганы ирҵәахит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәса жьҭаарамзазы Афон ҿыцтәи аҳәырԥсарра "Анаҟәаԥиа" анапхгара уаанӡа ирбгаз ауахәамақәа рартефактқәа ирылхыз аҭӡы еимыхны амузеи ахь инаганы ирҵәахит.

Ари ахҭыс уажәоуп ауаа ианрылаҵәа. Иара иахылҿиааит ацәажәарақәа рацәаны. Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа археологиатә комиссиа ахантәаҩы Олег Бӷажәба Sputnik акорреспондент Владимир Бегунов изеиҭеиҳәеит иҟалаз ахҭыс.

Аҭӡы Ивертәи ашьха ақәцәан, Анаҟәаԥиатәи абаа ааигәа игылан. Археологцәа иара еизыргеит ибгахьаз ауахәамақәа злашьақәгылаз аплитақәа рҟынтәи, идыргылеит VII ашәышықәса иатәу абырзен уахәама ааигәара. Шәышықәса инареиҳаны аҭӡа атуристцәа аинтерес кны иазнеиуан. Ааигәа асоциалтә ҳақәа рҟны ицәырҵит аинформациа жьҭаарамзазы Афон ҿыцтәи аҳәырԥсарра "Анаҟәаԥиа" анапхгара уаанӡа ирбгаз ауахәамақәа рартефактқәа ирылхыз аҭӡы еимыхны амузеи ахь инаганы ирҵәахит ҳәа. Иара иахылҿиааит ацәажәарақәа рацәаны.

Афон ҿыцтәи аҳәырԥсарра "Анаҟәаԥиа" анапхгаҩы Алхас Аргәын иазгәеиҭеит иҟарҵаз ззыҟарҵаз аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ирацәахаз "ажцәа еиқәаҵәақәа" ирыхҟьаноуп ҳәа. Аргәын иажәақәа рыла аҭӡы еимыхны амузеи ахь аиагара Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ақәшаҳаҭноуп ишыҟаҵаз. Абри аҭакс Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынхақәа рыхьчареи рзы аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа ателехәаԥшрала иҳәеит асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа хымԥада аминистрраҟны адырра рыҭаны шакәу ишымҩаԥгалатәу.

"Аҳәырԥсарра адиректор ҳара адырра ҳаиҭеит. Ҳара иаҳҳәеит аус мап шацәаҳамкуа, инагӡаҵәҟьаны ҳкомпетенциаҿ ишыҟамгьы. Ашәҟәы шьҭын Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынхақәа рыхьчареи рзы Адепартамент ахь, Баҭал Кобахьиа ихьӡала", — иҳәеит Олег Бӷажәба.

Бӷажәба иажәақәа рыла Афон Ҿыц иҟоу Аԥсуа ҳәынҭқарра амузеи аҟны артефактқәа еиҳа ахьчара роуеит. Аҭӡы аилабгара ишаҿу атәы археологцәа ХХ ашәышықәса алагамҭазгьы иалацәажәон.

Олег Бӷажәба иҳәеит аусбарҭақәа рыбжьара абиурократиатә еизыҟазаашьақәа абаҟақәа реиқәырхара ишамыхәо.

Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынхақәа рыхьчареи рзы аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа иҳәеит абри азҵааразы апресс-конференциа мҩаԥигараны шигәҭаку.

Ажәабжьқәа зегьы
0