Урыстәылатәи аԥшыхәцәа Ҵабалтәи ахҭысқәа рылахәра мап ацәыркит

© Sputnik / Роберт ДжопуаУрыстәылатәи аԥшыхәцәа Ҵабалтәи ахҭысқәа рылахәра мап ацәыркит
Урыстәылатәи аԥшыхәцәа Ҵабалтәи ахҭысқәа рылахәра мап ацәыркит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аԥшыхәратә усбарҭа апресс-маҵзура аԥшьаша, ажьырныҳәа 12 рзы аҳәамҭа ҟанаҵеит Ҵабал аҭыԥ змаз ахҭысқәа, ауахәамеи аԥсыжырҭеи рырбгара ишалахәым азы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 – Sputnik, Владимир Бегунов. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аԥшыхәратә усбарҭа апресс-маҵзура аԥшьаша, ажьырныҳәа 12 рзы аҳәамҭа ҟанаҵеит Ҵабал аҭыԥ змаз ахҭысқәа, ауахәамеи аԥсыжырҭеи рырбгара ишалахәым азы.

Адокумент аҟны иарбоуп аҳәаанырцәтәи АИХ (СМИ) аинформациа ҟарҵоит абри аус Урыстәылатәи аруаа алахәын ҳәа.

"Иарбоу аҭыԥ Аԥшыхәратә усбарҭа ахархәара анаҭаӡом", ҳәа аҳәоит адырраҟны.

Аԥсны Акультура аминистрра ажьырныҳәа 6 рзы иазгәанаҭеит ажәытә уахәамеи аԥсыжырҭеи реиларбгара.

Уаанӡа, Қырҭтәыла анапхгаҩы жәларбжьаратәи азҵаарақәа рзы иабжьагаҩ Ҭенгьиз Ԥхалаӡе Аԥсны, Ҵабал иахьаҵанакуа Урыстәылатәи арратә полигон аргылара азыԥхьагәаҭоуп ҳәа иҟаиҵаз адыррагьы ажьырныҳәа 10 рзы Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ииашам ҳәа иаҿаԥнаҽхьан.Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура адыррақәа рыла иарбанызаалак усура абри аҭыԥ аҟны ицом, иарбанызаалак ргыларагьы азыԥхьагәаҭаны иҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0