АҞӘА, ажьырныҳәа 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Анҳәаҩ арӷьа напала аҵәца икуп, избанзар уи мшуп ҳәа иԥхьаӡоуп, иҳәеит аҵарауаҩ Валери Бигәаа ажьырныҳәа амҩаԥгара аҵасқәа дрылацәажәо.
"Џьара-џьара аҩы ахьырымжәуа ыҟоуп, уи аԥсылманра иаанагаз акоуп. Аԥсуаа ианакәызаалакгьы аҩы рыман, аҩи ажьи анцәа ишеит ҳәа иԥхьаӡоуп", — иҳәеит уи.
Ҳара ҳера ҟалаанӡа I-тәи азқьышықәса алагамҭазы Аԥсны зехьынџьара аиха цәырҵит. Уи иалырхуа иалагеит еиуеиԥшымыз анхагатә маҭәахәқәа. Ари ҳәарас иаҭахузеи еиҳагьы иарӷәӷәеит акульт, азгәеиҭеит Валери Бигәаа.