Boeing 747-400 зтәу ахараԥса шыршәо атәы рҳәоит

© Sputnik ТАБЫЛДЫ КАДЫРБЕКОВГрузовой Boeing 747-400 разбился в Бишкеке
Грузовой Boeing 747-400 разбился в Бишкеке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Авиаеилахәыра анапхгара адырра ҟарҵеит аҳаирплан акаҳара иахҟьаны ауаатәыҩсатәии амазаратәии хараԥса шәахоит ҳәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 17 — Sputnik. Аҳаиртә баӷәаза "Манас" аҟны икаҳаз аҳаирплан зхатәу авиаеилахәыра АСТ аԥхасҭа ахә шахнашәаауа азы адырра ҟанаҵеит. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Кыргыстан.

"Аҳаирплан акаҳара иахҟьаны ауаатәыҩсатәии амазаратәии хараԥса шәахоит излалшо ала иаарласны", — ҳәа арбоуп адырраҭараҟны.

Авиаеилахәыра арыцҳараан иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи ирыдашшылоит, иара убасгьы иҟалаз ргәы ишалсыз рҳәоит.

"Ҳара шәгәырҩа шәыцеиҩаҳшоит" ҳәа аҳәоит Акционертә Еилахәыра "Авиакомпания АСТ" ахьӡала иҟаҵоу адырраҭараҟны. Аилахәыраҟны иазгәарҭоит макьаназы ишышьақәыргылам аҳаирплан акаҳара амзыз.

"Макьаназы иҟам аинформациа аҳаирплан акаҳара зыхҟьаз амзыз аганахь ала. Ҳфирма азинмчра знаҭаз акомандир-пилотцәа уажәы аҳаиртә баӷәаза "Манас" иҟоуп. Урҭ аҭыԥ аҟны аусурақәа ирҿуп. Иара убасгьы аҭыԥ ахь инеираны иҟоуп атехникатә нџьнырцәа ркоманда", — ҳәа азгәарҭеит аилахәыраҟны.

Ашәахьа, ашьыжь асааҭ 7.30 рзы Дача-Суу иахьаҵанакуа икаҳаит аидарамҩангагатә ҳаирплан Boeing 747. Иара, Гонконгнтәи Стамбулҟа иԥыруан, Бешкек ақалақь аҟны абылтәы ҭарҭәараны иҟан. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла иҭахеит 37-ҩык, аахақәа роуит 13-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0