00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:23
7 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:52
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:52
7 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
12 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рганахьала иреиҳау аҵара змоу усурала реиқәыршәашьа
13:19
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Еицырдыруа ахьыӡқәа
Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа 70 шықәса ихыҵит
13:43
26 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Турбаза
Глэмпинг в Абхазии: спрос и предложения
14:17
4 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Актуальный комментарий
Как и когда пройдут выборы в Парламент Абхазии по Драндскому округу
14:44
7 мин
Такие обстоятельства
Проекты от «Команды Абхазии»: паспорт туриста
14:50
18 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥснытәи аделегациа Иорданиа

© Foto / Сырма Ашәԥҳа Аԥснытәи аделегациа Иорданиа
Аԥснытәи аделегациа Иорданиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа напхгара зиҭоз Аԥснытәи аделегациа Иорданиа, Хашимиттәи акралра иаҭааит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik. Сырма Ашәԥҳа. Арҭ амшқәа рзы, ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи  афонд  Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа напхгара зиҭоз Аԥснытәи аделегациа Иорданиа, Хашимиттәи акралра иаҭааит.

Уи  аилазаараҟны иҟан: Аԥсны аекономика аминистрра аҟны иҟоу аҳәынҭқарратә инвестициатә  маҵзура адиректор Алмас Ҭаниа,  афонд аусзуҩ Жанна Леиԥҳа, афонд ахьӡала Ҭырқәтәыла иҟоу ахаҭарнак  Џьенгиз Ашәба, аусдкылаҩцәа  Витали Смыр,  Дмитри Аргәын, Беслан  Џьапуа, ауаажәларратә палата  алахәыла Низам Ҳаԥаҭ.

Аԥхьатәи амш азы имҩаԥысит аекономикатә хырхарҭа змаз аиԥыларақәа, иара убас аԥсуа-адыга диаспора ахаҭарнакцәа злахәыз аизара. Ахәҭакахьала,  иазааҭгылан аҩтәылак рыбжьара ақыҭанхамҩатә  усқәа рхырхарҭала аусеицура азҵаара.

"Иорданиа,  аҳауатә ҭагылазаашьа ахаҭабзиара иалнаршоит ақыҭанхамҩа қәҿиарала арҿиара. Ҳара ҳ-Аԥсынрагьы иҟоуп узхәаԥшыша, иудыукылаша аԥышәа", — ҳәа азгәеиҭеит  Беслан  Џьапуа. 
Ашәырқәеи ауҭраҭыхқәеи рекспертцәа рассоциациа акырӡа ибеиоуп, Иорданиа анҭыҵгьы аус ауеит, жәларбжьаратәи аџьармыкьа мҽхакы ҭбаала иаҵанакуеит.

Аԥснытәи аделегациа, ассоциациа алахәылацәа ҳтәыла аекономикеи, атуризми иадҳәалаз ихаҭәааз аинформациа рырҭеит.   Алмас Ҭаниа, Аԥсны азакәанқәеи, аекономикатә инвестициеи ҷыдала дрылацәажәеит.

Ашәырқәеи ауҭраҭыхқәеи рекспертцәа рассоциациа ахаҭарнакцәа ираҳаз ажәабжь гәахәала ирыдыркылеит, ирбаз Аԥсны асахьақәа акыр ихырхит. Иазгәарҭеит иаарласны ҳтәыла ишаҭаауа.

"Иорданиа, ҳара аекономикатә  хырхарҭа анаҩсангьы, ҳзықәгәыӷуа ҩызаны,  тәыланы ҳахәаԥшуеит. Зықьҩыла ҳџьынџьуаа рзы ԥсадгьылк иаҩызаны иҟалеит. Ҳара иаҳҭахәуп аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара,  ҳашьцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл разхьарԥшра", — ҳәа азгәеиҭеит  афонд ахада Сенер Гогәуа.

Аԥсны  аинвестициа алагалара хадаратә зҵаараны иҟалеит Иорданиатәи аилазаараҟны имҩаԥысыз аиԥылараҟны.

"Иорданиа ахәаахәҭратә, аинформациатә, афинанстә хырхарҭақәа рҿы қәҿиарала аинвестициа арҿиоит, мрагыларатәи арегион аҿы ари аҳәынҭқарра аихьӡара амҩа иануп. Ҳара ҳазҿлымҳауп шәԥышәа адкылара, иара убас Иорданиантә аинвестициа Аԥсны адыԥхьалара", — иҳәеит Сенер Гогәуа.

Аусурақәа аҳәаа ирҭагӡаны, ачерқьес быргцәа реилазаареи, ачерқьестә абиԥара ҿа аклуби рҟны Аԥснытәи аделегациа злахәыз аиԥыларақәа мҩаԥысит.

"Иорданиа иҟоу аилазаара даара азҿлымҳара анаҭоит аҿар аԥсуа милаҭтә культура рылааӡара, ахаԥшьгаратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаара. Аԥсадгьыл анҭыҵ уи аҵакы даараӡа иӷәӷәоуп. Уи аҟны аҳәынҭқарра анапхгара рылша хымԥада ирацәоуп, аҭагылазаашьа рзаԥнаҵоит ахеиқәырхаразы, атәыла иқәынхо ажәларқәа ркультурақәа реигәныҩразы", — ҳәа азгәеиҭеит  Сенер Гогәуа, Иорданиа иҟоу ачерқьес быргцәа рхеилак аиҳабы даниԥылоз.

Аиԥыларақәа рхыркәшамҭазы, аԥшәмацәеи асасцәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0