Агрба: аџьа ахьчаразы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵахоит

© Fotolia / PressmasterАнапеимдара. Архитә фото
Анапеимдара. Архитә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2017 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны Аԥсны амчра аиуеит Аџьазы Акодекс ҿыц. Уаанӡа ареспубликаҟны аус ауан 1973 шықәсазтәи Аџьазы азакәан ала.

АҞӘА, ажьырныҳәа 24 — Sputnik, Владимир Бегунов. Аџьазы Акодекс ҿыц аусура ианалагалак ашьҭахь аџьа ахьчаразы аҳәынҭқарратә инспекторцәагьы русура хацыркхоит иҳәеит Аԥсны аџьеи, аусурҭамазаареи, асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистрра Аусбарҭа аиҳабы Џьон Агрба ҳкорреспондент даниаҿцәажәоз.

Ари акьыԥхьымҭа урысшәала абраҟа шәаԥхьар шәылшоит >>

Џьон Агрба ишеиҭеиҳәаз ала Акодекс ҿыц иаԥсахит 99% рҟынӡа закәанԥҵаратә акти, абжьагареи егьырҭ аусуратә еизыҟазаашьақәа ирызкыз ашәҟәқәеи. Ашықәс аҩныҵҟа аус адулахоит "Аҳәынҭқарратә маҵзуразы" азакәан. Иара рыдыркылараны иҟоуп 2018 шықәса ажьырныҳәа 1 азы.

"Аџьазы Акодекс ҿыц рыдкылазар ахәҭан 1994 шықәса раахысгьы, избанзар аус злаауаз ашәҟәқәеи азакәанқәеи СССР аилабгара ашьҭахь ицәырҵыз аусутә еизыҟазаашьақәа рҭагылазаашьа зынӡаскгьы ирныԥшуамызт. Иахьатәи Акодекс акәзар иаартны ианыԥшуеит ҳаамҭазтәи ареспублика аҭагылазаашьа", — иҳәоит Агрба.

Агрба ишиҳәо ала акодекс шьақәгылоуп аҟәшақәа фба рыла, 44 хы амоуп, 356 хәҭаҷ рыла еиҿкаауп. Иараҿы иныҭкааны иарбоуп зегь иреиҵоу аџьахәԥса анхаралшараз иаҭаху аԥара аасҭа еиҵамзарц, есышықәсатәи аԥсшьарамшқәа амзартә мшқәа 30 ираҟаразарц.

"Акодекс ҿыц ишаҳәо ала аусураҭаҩ иуалԥшьоуп иусуҩ изаамҭанытәим аԥсшьарамшқәа ииҭарц ахәыҷы иира мамзаргьы агәакьа иԥсра инадҳәаланы. Уаанӡа уи иара аусураҭаҩ ишиҭаху имҩаԥигон", — иҳәоит Агрба.

Џьон Агрба ишиҳәо ала аминистрраҟны иаԥҵахоит аџьа ахьчаразы аҳәынҭқарратә комиссиа. Аинспекторцәа Аԥсны анаплакқәа рахь инеилоит агәаҭарақәа рымҩаԥгаразы. Дара иахьатәи аамҭазы Москва азыҟаҵарақәа ирхысны аусура иазыхианы иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0