"Емма Кьылба лхы инаркны лшьапы аҟынӡа аҧсуара датәын, цқьа иҳазҭымҵаац "аҧсуара" ҳәа ҳазҿу лыҧсҭазаара зегь ақәылҵеит, дпатриотын. Гәхьаак лымазаргьы, ега гәаҟра лхылгаргьы, агәышьҭыхра лцәыӡӡомызт", — иҳәеит Владимир Агрба.
Аҵарауаҩы абызшәадырреи, уи аҭҵаареи русхк аҿы лааҧсарақәа ртәы дазааҭгылоит Владимир Агрба
Ҵарауаҩык лаҳасабала Емма Қьаамын-иҧҳа иҟалҵахьаз маҷмызт, абызшәа аҭҵаара иадҳәалан ылыҩхьаз астатиақәа амонографиа иаҩсуан.
Емма Кьылба хҧа-ҧшьба шықәса раахижьҭеи, лгәамбзаира даргәамҵуан, аха лнапы злакыз аус, зынӡагьы дагхарц лҭахӡамызт.
"Еидкылан илыман аҟыбаҩ змоу аспирантцәа ҿарацәа, урҭ дырхылаҧшуан, еснагь имҩақәылҵон. Избанзар абызшәаҭҵаара лара илыҧсҭазааран", — иҳәеит ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭаз аҵарауаҩ Владимир Агрба.