00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Инструкция по применению
14:57
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Даур Ҭарба: апты ақәхразы аԥара рацәаны иаҭахуп

© Sputnik / Титиевский Валерий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апты-фыҩҟара ҳәа изышьҭоу амаҵа ахыԥхьаӡара аизҳара ақыҭанхамҩа аалыҵ аԥырхага ду анаҭеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аҳәынҭқарра аҟны иҿиаз апты ақәхра аминистрра амчала иалшаӡом, ҳәа Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба арадио Sputnik Аԥсны аҟны аицәажәараан иҳәеит.

Ари акьыԥхьымҭа урысшәала абраҟа шәаԥхьар шәылшоит >>

"Атәыла ахы-аҵыхәа зхыԥхьаӡара рацәахаз амаҵа (апты-фыҩҟара) ақәхра аԥара рацәаны иаҭахуп, ҳара ҳхала ҳамч ақәхаратәы иҟам. Ари аус аҳәынҭқарратә программақәа рыла аҭыԥ иқәҵатәуп", — иҳәеит Ҭарба.

Аминистр иҳәеит иара убасгьы иара иахь Гал араион Ахада аҳәара шыҟаиҵаз амаҵа иԥхасҭартәуа ашәырбаҳчақәа 20 000 гектар иахьаҵанакуа рыхәышәтәразы ацхыраара ирҭарц.

"Излаҟаҳҵои? Ари аус анагӡаразы иаахәатәуп ахимикатқәа. Урҭ рзы иаҭаху аԥарагьы маҷны иҟаӡам", — иҳәеит Ҭарба.

Аминистр иажәақәа рыла аԥара аиура адагьы асеиԥштәи аусурақәа ирыцуп атехникатә уадаҩрақәагьы. Ахәышәтәра мҩаԥгазароуп аҳаирплан ала. Ус анакәха ауааԥсыра ирылаҳәатәуп рӡыҵхырҭақәа зегьы адыркырц. Ашьхымӡақәа ракәзар арҭ аҭыԥқәа ирхыгатәуп.

Аминистр иазгәеиҭеит дшазыԥшу Гал араион Аиҳабы еиԥш егьырҭ араионқәа реиҳабацәагьы ацхыраараз идҵаалап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0