ААК (ЦИК): мышкала 35 аԥшьгаратә гәыԥқәа ашәҟәы иҭаҩҩын

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхәрақәа. Архивтә фото.
Алхәрақәа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа еиҭеиҳәеит Апарламент ахь адепутатцәа рҭаҩра шымҩаԥысуа атәы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Асабша, аҭаҩраз раԥхьатәи амш аҽны ашәҟәы иҭагалан 35 аԥшьгаратә гәыԥ, ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа.

Ари акьыԥхьымҭа урысшәала абраҟа шәаԥхьар шәылшоит >>

"Иахьазы ашәҟәы иҭагалоуп 70 аԥшьгаратә гәыԥи политикатә партиаки. Аԥшьгаратә гәыԥ хәҩык иреиҵамкәа иалазароуп", — иҳәеит иара.

Алхратә комиссиа иазынарышьҭуа адокументқәа зегьы ҭнаҵаауеит ҳәа азгәеиҭеит Гәагьиа.

"Акандидатцәа рхы ықәдыргылоит. Урҭ рыҭҵаара, реилкаара зусу ҳара ҳауп. Дара зегьы макьаназ рышәҟәқәа ангәаҳҭалак ашьҭахь ауп акандидат ҳәа ашәҟәы-гәраргага анраҳҭо. Усеиԥш ауп ҳзакәанԥҵараҿ ишарбо", — иҳәеит иара.

Гәагьиа иазгәеиҭеит акандидатцәа ашәҟәы рҭаҩра шымҩаԥысуа жәабран 10 рҟынӡа.

Аԥсны Жәлар реизара – Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 12, 2017 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0