Аҳамса акразы аквота ахәҭак ауп ахархәара зҭоу

© Sputnik / Роберт ДжопуаАҳамса. Архивтә фото.
Аҳамса. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра аԥсыӡ аусхк азы аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Давид Гадлиа иаҳзеиҭеиҳәеит аԥсыӡ наплакқәа хәба иахьазы аусурақәа шымҩаԥырго.

АҞӘА, ажьырныҳәа 25– Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра аԥсыӡ аусхк азы аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Давид Гадлиа иаҳзеиҭеиҳәеит аԥсыӡ наплакқәа хәба иахьазы аусурақәа шымҩаԥырго атәы. Иара иазгәеиҭеит ишьақәыргылоу аквота иаҿырԥшны ажәабатәи ахәҭоуп ахархәара зҭоу ҳәа.

Ари акьыԥхьымҭа урысшәала абраҟа шәаԥхьар шәылшоит >>

"Аԥсыӡкра хацыркын ԥхынҷкәын анҵәамҭазы, маҷк ихьшәаны. Иахьатәи аамҭазы иркыз ишьақәнартәоит 5387 тонна. Ҵыԥхтәи асезон иадкылан уахәаԥшуазар, ҵыԥх абри аамҭазы иркхьан 25 000 тонна аԥсыӡ. Сынтәа Аԥсны иахьаԥну аҳамса акырӡа имаҷуп", — иҳәеит Гадлиа.

Иара иажәақәа рыла ашықәс иҭаргӡаны зыкра алшо 50 000 тонна аҳамсоуп.

"Аҳамса зуаны иҟоу азауадқәа хәба роуп. Урҭ нас иркыз аҳамса иалырхуеит ашылеи ахәшеи. Абри ашьҭахь ироуа аалыҵ шамахамзар Ҭырқәтәылаҟа ирышьҭуеит", — иҳәеит иара.

Рацәак идуум аквотақәа роуеит ахатәхаҿқәагьы.

Ахатәхаҿқәа реиҳарак аҩныҵҟатәи аџьармыкьаз ауп аԥсыӡ зыркуа. Дара рыквотақәа 100 — 500 килограмм рҟынӡа инаӡоит, ҳәа азгәеиҭоит Давид Гадлиа.

Аҟәатәи аџьармыкьа аԥсыӡ павильон аҭиҩы Галина Шовгенова ҳкорреспондент изеиҭалҳәеит аԥсыӡ ахәҭак Урыстәылантәи ишаарго, егьи ахәҭа аҭыԥантәи аԥсыӡцәа уахь ишнарго.

"Ԥхынҷкәынмзазы шамахамзар аҭыԥантәи аԥсыӡ ыҟаӡамызт. Сгәаанагарала, аԥхынразы аҭагылазаашьа еиҳа еиӷьхап ҳәа, лҳәеит лара.

Ажәабжьқәа зегьы
0