00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсар "Александр Чачба" зегь раасҭа аинтерес аман ацәыргақәҵаҟны

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсар "Александр Чачба".
Аԥсар Александр Чачба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Амилаҭтә Банк араӡынтә ԥсар азы аҭауад Александр Чачба исахьа иара иԥсы анҭазтәи ифотосахьа иақәҭырхит, иҳәеит асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьопуа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Амилаҭтә Банк араӡынтә ԥсар азы аҭауад Александр Чачба исахьа иара иԥсы анҭазтәи ифотосахьа иақәҭырхит, иҳәеит асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьопуа.

Амилаҭтә Банк Ниу-Иорк имҩаԥысыз анумизматикатә фотоцәыргақәҵаҟны аԥсар "Александр Чачба" зегь раасҭа зинтерес ркыз маҭәарны иҟалеит, ҳәа ҳкорреспондент изеиҭалҳәеит Амилаҭтә Банк аусзуҩ, аделегациа алахәыла Лиана Агрԥҳа.

Ари акьыԥхьымҭа урысшәала абраҟа шәаԥхьар шәылшоит >>

"Иазгәаҳҭар ҳҭахуп Александр Шервашиӡе-Чачба исахьа зныз аԥсар зегь раасҭа аинтерес шыркыз. Раԥхьа иҵаауан—Шерлок Холмс?" — лҳәеит Агрԥҳа.

Чачба исахьа автор, асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьопуа иажәақәа рыла, иусумҭа Александр Чачба ифотосахьа ишақәҭыху.

Афотосахьа жәашықәсаҟа раԥхьа ибахьан. Уажәы аԥсар азы асахьа анҭихуаз ихаҿ иаанхаз аҭеҭԥыш игәаларшәаны ауп аус шиуаз. Иусумҭа аныхиркәша ашьҭахь ауп афотосахьеи иареи анеиҿирԥш.

Асахьаҿы иарбоуп иара убасгьы диоскураа рыххаҵақәа, уи асахьаҭыхыҩ иадиҳәалоит Чачаа ргерб аҟны арҭ аххаҵақәа ихадоу елементны рыҟазаара.

"Аԥсны иналукааша ахаҿқәа" асериа адагьы Аԥсны Амилаҭтә Банк Ниу-Иорктәи ацәыргақәҵахь инаргеит аԥсарқәа рсериақәа: "Аԥсны ақалақьқәа" иара убас "Аԥсны абаақәа".

Ажәабжьқәа зегьы
0