Џьума Кәарацхьелиа Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа аиҳабыс дҟаҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЏьума Кәарацхьелиа. Архивтә фото.
Џьума Кәарацхьелиа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьапылампыл Афедерациа еиҳабыс дҟаҵоуп Џьума Кәарацхьелиа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Ашьапылампыл азы еизгоу амилаҭтә команда азыҟаҵаҩ хада Џьума Кәарацхьелиа Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа аиҳабыс дҟаҵоуп ахаша, ажьырныҳәа 25 рзы.

Ари акьыԥхьымҭа урысшәала абраҟа шәаԥхьар шәылшоит >>

"2017 шықәсазы зегь раасҭа ихадоу ахҭыс — Аԥсны Ачемпионат. Аусутә рацәаны ҳҿаԥхьа ишьҭоуп. Аԥсны ашьапылампыл аусхк аҟны имаҷым апроблемақәа. Ҳара иаҳуалу ҳәоуеиқәшәала урҭ рҭыԥ ақәҵароуп", — иҳәеит иара.

Афедерациа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Рафаель Амԥар инаҵшьны иазгәеиҭеит Џьума Кәарацхьелиа иԥсҭазаара зегьы ашьапылампыл ишадҳәало. Убри азы иара иҿаԥхьа иқәгылоу апроблемақәа зегьы рҭыԥ рықәҵара шилшо азы агәрагара имоуп Амԥар.

"Џьума иԥсҭазаара зегьы ашьапылампыл иадҳәалоуп. Ихаҭа ампыл дасуан, нас зыҟаҵаҩыс дыҟан, Гәдоуҭа, аспорттә еиҿкаараҿ аус иуан. Аамҭақәак рзы Урыстәыла дыхәмаруан, нас Аԥсныҟа даан ашьапылампылтә клуб "Риҵа" ашьапы иқәиргылеит", — иҳәеит Кәарацхьелиа изы Амԥар.

Ааԥсны афедерациа аиҳабы иазгәеиҭеит мчыбжьык аҩныҵҟа дшалххо азыҟаҵаҩ хадагьы.

Џьума Кәарацхьелиа диит 1969 шықәса Гәдоуҭа ақалақь аҟны. Асовет аамҭазы Аҟәатәи "Динамо" аҟны дыхәмаруан.

2005 шықәса – АК "Риҵа" зыҟаҵаҩс дыҟан.

2012 шықәса – Аԥсны еизгоу акоманда дазыҟаҵаҩын.

2014 шықәса – акоманда "Афон" азыҟаиҵон.

Ажәабжьқәа зегьы
0